Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Христианство в Абхазии > Богослужебные тексты > «Трисвятое по Отче наш» 50-й и 90-й псалмы на абхазском языке

«Трисвятое по Отче наш» 50-й и 90-й псалмы на абхазском языке


 Хынтә Ацқьа — Жәҩан иҟоу ҳ-Аб

 
Ахьӡ-аԥша умаз Уара ҳ-Анцәа, ахьӡ-аԥша умаз Уара.
 
Аԥсы Цқьа иахь аныҳәаԥхьыӡ
 
Жәҩан Аҳ, Адгылаҩ, Аҵабырг Аԥсы, зехьынџьара иҟоуи зыла зегь ҭәуеи, бзиарас иҟоу зегьы Зҭаҵәахуи ԥсҭазаара Рызҭои, уааи уагьынха ҳаҩныҵҟа, иагьҳаҟәрыцқьа ҳаҟьашьрақәа зегьы, иагьҿых, Бзиазлоу, ҳаԥсқәагьы.
 
Хынтә Ацқьа
 
Ацқьа Анцәа, ацқьа Зымчдуу, ацқьа Ԥсразқәым, ҳрыцҳашьа ҳара. (3-нтә)
Ахьӡ-аԥша имаз Аб, Аԥагьы, Аԥсы Цқьагьы, уажәгьы, есқьынгьы, наӡаӡагьы. Амин.
 
Ицқьоу Хаӡәк иахь аныҳәаԥхьыӡ
 
Ицқьаӡоу Хаӡәк, ҳрыцҳашьа ҳара; Иҳақәиҭу, ҳарҭоумҵан ҳагәнаҳарақәа; ҳ-Аҳ Ду, иҳанажь иакәымкәа иҟаҳҵаз; Ацқьа, уаҳҭаа ҳагьрылырга ҳамчымхарақәа, избанзар Ухьӡ ҳҳәоит.
Анцәа ҳрыцҳашьа. (3-нтә)
 
Ахьӡ-аԥша имаз Аб, Аԥагьы, Аԥсы Цқьагьы, уажәгьы, есқьынгьы, наӡаӡагьы. Амин.
 
Ҳаҳ Ду Иаса Қьырса иныҳәаԥхьыӡ
 
Жәҩан иҟоу ҳ-Аб, ицқьахааит Ухьӡ, иааиааит Уаҳра, иҟалааит Угәаԥхара хыхь ажәҩан аҟны еиԥш ҵаҟа адгьыл аҿгьы; ача зыда ҳхәарҭам ҳаҭ ҳара иахьа, иҳанажь ҳара ҳуалқәа ҳара ҳтәы зықәқәоу ишранаҳажьуа еиԥш; ҳагьалаумгалан ҳара ацәгьаԥышәара, ҳагьицәыхьча ҳара аҩсҭаа. Амин.
 
Анцәа ҳрыцҳашьа. (12-нтә)
 
Ахьӡ-аԥша имаз Аб, Аԥагьы, Аԥсы Цқьагьы, уажәгьы, есқьынгьы, наӡаӡагьы. Амин.
Шәааи, ҳиеихырхәап ҳагьиашьапкып ҳ-Аҳ Анцәа.
Шәааи, ҳиеихырхәап ҳагьиашьапкып Қьырса, ҳ-Аҳ Анцәа.
Шәааи, ҳиеихырхәап ҳагьиашьапкып Қьырса Ихаҭа, ҳ-Аҳ Анцәа.
 
Аԥсалом 50
 
1 Анагӡаразы. Давид иԥсалом.
2 Давид Уриа иԥҳәыс Вирсаве лахь даныҩнала ашьҭахь,
Наҭан аԥшҩы (апрофит) данизаа.
3 Срыцҳашьа сара, Анцәа, урыцҳашьара ду ала, угәшаҭара рацәалагьы ақәнамга изуыз аных.
4 Уимоу, исҟәыӡәӡәа ақәнамга иҟасҵаз, сагьрыцқьа аиакәым изуыз аҟынтә.
5 Избанзар сара издыруеит иҟасҵаз ақәнамга, аиакәым изуызгьы сыла ихгылоуп.
6 Уара Аӡәк уҿаԥхьоуп аиакәым ахьыҟасҵаз, уҿаԥхьоуп ацәгьа ахьызуыз,
убри аҟнытә иуҳәо иашахоит, уагьаиааиуеит, суыс азы аимак аныҟала.
7 Избанзар абас, ақәнамгаҟаҵара сара сан лцәа саналашәа инаркны исыцын,
аиакәым сыланоуп сышлыхшазгьы.
8 Избанзар абас, Уара аҵабырг бзиа иубеит, уҟәышраҟны бла иамбои иҵәахуи сзаауртит.
9 Иссоп сықәырпыҟҟа — сагьыцқьахап; Скәаба — асы аиҳа сагьҟәашхап.
10 Исырҳа сара агәырӷьареи ахәмарра-ччареи рышьҭыбжь, усҟан игәырӷьап ихәахьоу
сыбаҩқәагьы.
11 Ухы-уҿы нарҳәы изуа аиакәымқәа умбарц азы, иҟасҵо ақәнамгақәа зегьы аных.
12 Агәы цқьа сызҭаҵа, Анцәа, ииашоу Аԥсгьы рҿыцны исхаҵа.
13 Суԥырумцан Ухы-уҿы сахьамбара, ицқьоу Уԥсгьы сцәыумган сара.
14 Исзырхынҳә агәырӷьара Уара уҟынтә аҿыхра иацу, сагьшьақәырӷәӷәа сара
мчызмоу Ԥсыла.
15 Ақәнамга зуа Уара умҩақәа рнылашьа дсырҵап, иуашьампкуагьы Уара уахь рхы дырхап.
16 Сара сыла ашьа каҭәо иҟаумҵан, Анцәа, сара сҿыхыҩ Анцәа, сыбызгьы Уиашаӡбара хьӡы анаргап.
17 Саҳ Ду, Уара сҿы еихых, сҿы уҽхәаԥхьыӡгьы рыланаҳәап.
18 Избанзар аӡатә уҭаххазҭгьы, сара иузназгарын, аха аӡатәқәа шынеибакәу рбылра
Уара угәы азыҟам.
19 Анцәа изы ӡатәс иҟоу — ахьхәра зылшаз аԥсы ауп, ахьхәра зылшази зхы лазырҟәызи
агәы Анцәа иатәеимбо иҟам.
20 Абзиара азуы, Аҳ Ду, убзиагәаԥхарала Сион, иргылахааит Иерусалим абаагәарагьы.
21 Усҟан бзиагәаԥхарала иуыдукылап ақәнага ӡатә, уи арбареи ишынеибакәу абылреи.
Убасҟан ацәҵарақәа ықәырҵап Уӡатәқәҵарҭа.
 
Аԥсалом 90
 
1 Аҽхәаԥхьыӡ ашәа Давид иҟнытә. Ауриақәа рыҟны иақәҩым.
Хыхь Иҟоу имчала инхо, жәҩан иҟоу Анцәа ихыбра дыҵакхоит.
2 Ҳаҳ Ду иеиҳәоит: «Дгылаҩыси хыҵакырҭаси исымоу Уара уоуп, сы-Нцәа, сзықәгәыӷуагьы Иара иоуп».
3 Избанзар Иара уацәихьчап ашәарыцацәа идыргылаз ацәҟьа, уцәа уҭазырӡыӡо ажәабжьгьы.
4 Ижәҩахырқәа рыла уихьчап, имҵәыжәҩақәа рыҵаҟагьы ушәарҭахарым; бџьарҵас иукәшап Иара иҵабырг.
5 Уацәшәарым уахынлатәи ашәара, ҽынла икәлаауа иааиуаа ахыц,
6 алашьцара иҟьаланы иалоу ашәарҭара, амашәыри, шьыбжьонтәи аҩсҭааи.
7 Уааигәа икаҳашт зықьҩык, уарӷьарахь алагьы жәа-нызқьҩык, аха уара уҟынӡа изынаӡарым.
8 Ублақәа рыла ишаагәоуҭаз еиԥш, иубоит аиакәым зуа рықәнага ишақәыршәоу.
9 Избанзар Уара, c-Аҳ Ду, сгәыӷырҭа уоуп; Хыхь Иҟоу хыҵакырҭас дҟауҵеит уара.
10 Ацәгьара уааигәа изнеирым, азҩагьы азааигәахарым унхарҭа,
11 избанзар Иара Имаалықьцәа дҵаны ириҭоит уара узы мҩасы узнызаалак аҟны
урыхьчаларц,
12 рнапы уқәыргылан унаргалоит, хаҳәк ушьапы ахымҟьашаразы.
13 Ашҳам зҿыҵуа амаҭқәа (аспиди василискоси) урыӷрагылап, алыми агәылшьапи укәаҳап.
14 [Анцәа]: «Избанзар Сара соуп дзықәгәыӷуаз иара, уи азы дагьысыхьчап; дхызҩап иара, избанзар Сыхьыӡ идырит.
15 Ибжьы иргар Сара сахь, дсаҳауеит, агәырҩа анимоу, Сара сицуп; деиқәсырхоит иара, хьӡы-ԥшагьы исыргоит.
16 Имшқәа сроууеит, иагьисырбоит иеиқәырхара шсылшо».
 
Ахьӡ-аԥша имаз Аб, Аԥагьы, Аԥсы Цқьагьы, уажәгьы, есқьынгьы, наӡаӡагьы. Амин.
Аллилуиа, аллилуиа, аллилуиа, ахьӡ-аԥша умаз Уара, Анцәа. (3-нтә)
Анцәа ҳрыцҳашьа. (3-нтә)
Ахьӡ-аԥша имаз Аб, Аԥагьы, Аԥсы Цқьагьы, уажәгьы, есқьынгьы, наӡаӡагьы. Амин.
 
Перевод с древнегреческого на абхазский АРХИМАНДРИТ ДОРОФЕЙ (ДБАР)
Редакторы ТАМИЛА АРШБА, АРДА АШУБА