Ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа Пе́троси Па́улоси рытропа́рион (аушьҭыгатә), 4-тәи абжьы
Апостолцәа рыбжьара аԥхьатәи атәарҭаҳаракқәа нызкылои / адгьылзегьы (икуме́на) арҵаҩцәеи, / зегьы Зымпыҵаку (Деспотис) цҳаражәҳәара ҳзизыжәу (шәиҳәа), / адгьылзегьы (икуме́на) аҭынчра анаишьартә / [иаҳхоу] ҳаԥсқәа рызгьы – арыцҳашьара ду.
Ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа Пе́троси Па́улоси рконда́кион (рқандақь), 2-тәи абжьы
Ихьамҵуеи / анцәабжьы зхоуи аларҵәаҩцәа, / Уҵаҩцәа иаарылыҳәҳәо, ҳ-Аҳ Ду, / Иугеит / Убзиара зегьы алачареи аԥсшьареи рзы; / избанзар рџьабаақәеи рыԥсреи / Удукылеит алшамҭақәа зегьы иреиҳаны, / агәқәа ирҭаҵәаху здыруа, [Уара] Аӡәк.
Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии