«Воскресение Христа увидев» на абхазском языке

«Қьырса аҧсцәа рахьтә Игылара баны»

Қьырса аҧсцәа рахьтә Игылара баны, /
ҳиеихырхәап Ицқьоу ҳ-Аҳ Ду Иаса, /
иакәы́м зымуц Иараӡәк. /
Уџьар ҳаихырхәоит, Қьырса, /
аҧсцәа рахьтә Угы́ларацқьа/
ҳазышәаҳәоит иагьхьыӡраҳгоит, /
Уара ҳ-Анцәа уоуп азы, /
Уда даҽаӡәы дҳаздыруам, /
Ухьыӡ ауп иаҳҳәо. /
Шәааи, анцәахаҵара́ змоу зегьы, /
Қьырса аҧсцәа рахьтә Игыларацқьа /
ҳаихырхәап, /
аба́р, аԥсабара зегьы Џьарла /
агәырҕьара азааит азы. /
Есқьынгьы Қьырса абзиа изҳәауа, /
ҳазышәаҳәоит аҧсцәа рахьтә Игылара. /
Ҳара ҳзы Аџьар икыдырҵаз, /
ҧсрала аҧсра аҧызхыз.

Перевод с др.-греческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба