Иҵабыргны Анцәа имҵаныҳәара алшоит Иаса Қьырса ихаҵара аныҟоу, уи азы Ҳаб Анцәа ду абарҭ ажәақәа рыла абас ҳаиҳәоит: «зегьы Аҧа имҵаныҳәалааит, Аб ишимҵаныҳәо еиҧш. Аҧа имҵамныҳәо, Аҧа даҳзаазышьҭыз Абгьы имҵаныҳәом» (Иоанн иҟнытә Агәырҕьаҿхәаша 5-тәи ахы, 23-тәи ацәаҳәа). Анцәа иаҳзааишьҭыз Қьырса дызлам иарбанзаалак «Анцәа имҵаныҳәара» ― Анцәа Ихьӡ-Иҧша имхра ауп иаанаго. Убри аҟнытә, абас еиҧш «Анцәа имҵаныҳәара», Анцәа имаҵура иадҳәалаӡам зынӡагьы, анцәа ҳаҭыр иқәымҵара, иҿагылара ауп иаанаго. Ари закәыҵәҟьоу ― аҩысҭаа имаҵ ауроуп, ацқьа апостол Павел ишиҳәо еиҧш:
«…Мап, аха амырҭаҭцәа рымҭақәа анаарго, аҩысҭаацәа роуп иззаарго, Анцәа иакәӡам, аха сара аҩысҭаацәа шәрылахәхар сҭахӡам». (Коринф ақалақь иаланхо рахь ашәҟәы 10-тәи ахы, 20-тәи ацәаҳәа). Аеллин бызшәаҟнытә ишиашоу аиҭага: «…сара шәара аҩысҭаацәа шәырҩызцәахар сҭахӡам». Абарҭ ажәақәа рыла Апостол агәра ҳиргоит еилырганы, «амырҭаҭқәа», даҽ. иаҳҳә. Иаса Қьырса дыззымдыруа зегьы ҵабыргла Анцәа ҵабырг имаҵура рылшаӡом. Иага гәыкала «рынцәахәқәа» ргәыҟаҵара иашьҭазаргьы, иҟоу шыҟоу иаҳҳәароуп, урҭ рымаҵура ― аҩысҭаацәа рымаҵ ауроуп мамзаргьы аҩысҭаацәеи дареи реилахәыроуп ҵакыс иамоу. Ари мзызс иамоугьы еилыкка иубартә иҟоуп. Иқьырсиантәым адинқәа агха рыхьуеит изымҵаныҳәатәу аҟны еиҧш амҵаныҳәара шымҩаҧгатәу аганахьалагьы. «Амырҭаҭцәа» инцәаркым аобиектқәа ирымҵаныҳәоит, Анцәа имацара изку хьӡи-ҧшеи даҽаӡәы ирҭоит, уи изку Абзарӡгьы ― амцнцәақәа ирырҭоит.
«Сара соуп ― Аҳ ду; абри ауп Сара Сыхьӡ!
Сара Сыхьӡ-Сыҧша аӡәгьы исҭаӡом,
Сыбзарӡгьы рысҭаӡом амцнцәақәа»
(Аҧшҩы Исаиа 42-тәи ахы, 8-тәи ацәаҳәа).
Анцәа ҳаҭыриқәымҵарала амаҵзура ― ари Анцәа иганахьала гәымхароуп, убри аҟнытә амаҵзура иаша иаҿагылоуп. Аха иқьырсиантәым анцәахаҵарақәагьы амҵаныҳәара шымҩаҧгатәу азгьы иҩашьоит. «Амырҭаҭцәа» Анцәа ауаатәыҩса Рҿыхыҩ дрыздырӡом, иагьрыздырӡом аҿыхраан Иаса Қьырса имацара шиакәу изықәгәыҕтәу. Урҭ рыламыс, рыҩныҵҟатәи рдунеи рхәаҽырц иалагоит, иҟарҵаз агәнаҳа (аиакәым) ианазхәыцлак, харак шрыду аҟара агәҩара рнаҭоит. «Амырҭаҭцәа», изымҵаныҳәо «аобиектқәа» ирнааларц рҭахуп иҟарҵо аус бзиақәа рыла. Аус бзиақәа ҟаҵаны ируа ацәгьаразы рхы ҿырхырц иалагоит ― уи ҟарҵоит ацәгьаура иахьхәны (ргәы каҳаны) ианыҟоу. Аха аус бзиақәа рыла иҟарҵаз ацәгьара ахҩара акатоликатә ныхазы ахҿыхра иаҧҟараны ишыҟоугьы, атеистцәагьы егьырҭ алеишәатә системақәагьы ишрыдыркылогьы, ақьырсиантә леишәазы ― ари агәыҕра Анцәа даргәаауеит: «Азакәан ақәныҟәара иақәгәыҕуа, шәиуп. Иҩны иаными: „Дшәиуп Азакәан ашәҟәы иану зегьы назмыгӡо“» (Галат ақалақь иаланхо ауаа рышҟа Ашәҟәы, 3-тәи ахы, 10-тәи ацәаҳәа). Абасала, ауаҩы иду ихара злаириашаша дшашьҭоу мацара, игәынамӡара есааира иазҳауа иалагоит, нҵәара ақәӡамкәа ҩныҵҟала игәы иҵхо, игәы амырҭынчуа, дышнеиуа, ацәгьоура бааҧс, аиакәым аҟынӡа днанагоит. Абас дақәыӡбоит Анцәа Иара иишаз амчхарақәа (энергий) рыла мацара имҵаныҳәара. Ари иаанаго ― Аныха Абацәа зегьы ишазгәарҭо ала ― агәнаҳа ду амаҵ ауроуп!
Абри ауп адин «Анцәа имҵаныҳәшьас» иҟоу акы аҳасабала ахәаҧшра зиашам. Избан акәзар абас уазнеир ахьыҟало ақьырсианра мацара ауп, даҽа динк ас узазҳәаӡом. Иҩашьо аӡәырҩы иҧсабаратәым, хыхь иҟоу амчқәа рыла адин ахатәи ауаажәларратәи ҧсҭазаара маншәаланы аиҿкааразы ауаҩы дзышьҭоу акы акәны иахәаҧшуан. Ара иаартны амагиа, аоккультизм ахархәара ауп зыӡбахә ҳәоу. Аха ас иахьазнеиуа иқьырсиантәым адинқәа рыҟны ауп, «ихьчоу, малла иеибыҭоу, ахатәы ҧсҭазаара» магиала аҧҵара рҽахьазыршәо. Аныхаҧааҩ, «ииашаны имҩаҧиго аҵасқәа» рыла иалкааны ахҭысқәа, алахьынҵа, адунеи ― глобалла анырра рыҭара илшошәа ргәы иаанагоит! Ари, уаанӡа ишаҳҳәаз еиҧш, хәарҭара злам, уаҩы изеицәоу усуп ― Арҿиаҩы иаҧиҵаз амчқәа рыла Иара анырра иҭара. Абри иаҿын иагьаҿуп амырҭаттә ныхаҧааҩцәа. Амагцәа, аҩысҭаацәа, аҧшыҩцәа, астрологцәа, уб.егь. Ари ақьырсианра ааигәарагьы иҟаӡам. Агха рымоуп иаҧҵоу амчхарақәа рыла ауаҩы ихы ихьчароуп ҳәа згәы иаанаго. Абас иҟоуп ауаатәыҩса зегьы рыҧсабара ауаҩы агәнаҳа аныҟаиҵа аахыс. Ари зегьы рыҟны иҟоуп, шәаргьы ҳаргьы ҳаҧсабарагьы иалоуп.
Ақьырсиан дин шьаҭанкыла ари амц гәаанага ра иеиҧшӡам. Ахы инаркны аҵыхәанӡа ақьырсианра ауаҩы ихатәы ҧсҭазаара маншәаланы аиҿкаара дашьҭазароуп излаилшо ала (иаҧҵоу амчхарақәа рхархәарала, ажәытәеллин бызшәала ἐνέργεια ― амч, амчхара, аусура) ҳәа иҟоу агәаанагара иаҿагылоит. Ортодоксалтә қьырсианра ахатәы лшарақәа, ахәыцрақәа, аусқәа, ахымҩаҧгашьала уҳәа рыла Анцәа, Иаса Қьырса, Аҧсыцқьа, ахҿыхра, аҧшьара азааигәатәра иаҿагылоуп, иагьышьақәнырҕәҕәоит принцип хаданы агәнаҳа змоу ауаҩы ихы злаҿихуа Анцәа ила ауп ҳәа. Абри хьӡысгьы иаиуит ― алҧха ҳәа. Еиҳаракгьы ақьырсиантә дини алеишәа иаша, Қьырса изку Агәырҕьаҿҳәаша алазырҵәо егьырҭ адинқәеи рыбжьара иҟоу абри аиҧшымзаара ауп аиудеицәеи Аеллинцәеи изырзеилымкааз, иагьзрыдрымкылаз: «…ҳара аџьар икыдҵоу Қьырса итәы ҳҳәоит ― аиудеицәа рзы зегьы абрантә иалагоит, амырҭаҭцәа рзы хагароуп», «Адоуҳа злам ауаҩы Анцәа Идоуҳа аҟнытә иаауа идикылаӡом. Ари гаӡароуп ҳәа иҧхьаӡоит, избан акәзар уи доуҳала ауп иеилкаашьас иамоу» (Коринф ақалақьуаа ирызку 1-тәи ахы, 23-тәи ацәаҳәа; 2-тәи ахы, 14-тәи ацәаҳәа).
Агәнаҳа иарлашәыз ауаҩы ахҿыхрахь амҩа изаатӡом, Аҿыхыҩ ила, инцәарку Аҿыхыҩ ихаҵарала иаатуа илҧхалоуп уи ари амҩа нысшьас иаиҭо. Абасала, Ақьырсианра, ари ииашоу динны излаҟоу ала, уи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа анимизм аҟнытә (лат. anima, animus ― «аҧсы»,«адоуҳа», анцәахәқәа рхаҵара) ирхәыцыз, амагиа уҳәа изадгылаӡом.
Ақьырсианра иуниверсалтәу динуп, уи аҵакы ус иҟоуп. Уи дин ҵабыргны иҟоуп иара иадгыло, иара аидеиа ныҟәызго иҟарҵо апропаганда ала акәымкәа, Анцәа илыҧхала ауаҩы инаҭо аныррала, иҿыхра аҧышәа иамоу аҟнытә.
Егьырҭ зегьы ― ақьырсианраҟны иҟоу аҿыхра иатәӡам, ари ҧаршеироуп, амц ҿыхроуп. Атермин «адин» урҭ рыҟны ахархәара арҭозаргьы, уи аҵакы ааигәарагьы иҟам, формалтә ҵакуп иамоу. Иҟоу аилагарақәа «адин» ҳәа рыхьӡҵаны, ҳара уи амц ҧара «ҧароуп» шазаҳҳәо еиҧш ҳазнеиуеит, мамзаргьы Аҧшьаҩыра атермин «анцәақәа» «амырҭаҭтә» амцнцәақәа шаднакыло еиҧш ала. Амырҭаҭтә амцнцәақәа «нцәақәаӡам», амырҭаҭтә нцәахаҵара формақәа рҵакқәа рыла динны ишыҟам еиҧшҵәҟьа. Абас еиҧш иҟоу аихшанҵара ауп аҧшьаҩыра иатәу.
Иазгәаҳҭап, иҟоу аҭҵаарақәагьы адинқәа ҩбаны: 1) иҵабыргуи 2) имцуи ҳәа реихшара шиашоу атәы ишаҿагылам.
Адин иазку иахьатәи афилософиа иқьырсиантәуи иқьырсиантәыми адинқәа рыҟны «аҧсихологиатә феномен аиҧшзаара» аҵшьны иазгәанаҭарц иалагоит. Ари аиҧшзаара «атеологцәа игәарымҭаӡеит», азеиҧш концепциа аарҧшра, мамзаргьы иааидкыланы иқьырсиантәу закәу, иқьырсиантәым закәу аилкаара зрылымшазгьы абри ауп ҳәа ргәы иаанагоит. Ари аилагара иҟоу ушьҭан иацҵаны ҳахәаҧшраны ҳаҟоуп.
Комментарии