– «аҧсыцқьара» – «Сыҧсы цқьоуп ҳəа зхы зыҧхьаӡо, аха зыбз иақəиҭым, ихы ижьоит, ас иҟоу ауаҩы иҧсыцқьара хəыдоуп» (Иак. 1, 26);
– «аҧсыцқьара, анцəаркра, анцəаибзиабара» – «Абаҩрҵəыраҿы хəарҭара ахьамоу ыҟоуп, аха аҧсыцқьара зегь рыла хəарҭара амоуп, избанзар уи аҧсҭазаара унаҭоит иахьагьы, аҧхьаҟагьы» (1Тим. 4, 8);
– «зхəыцрыла, доуҳала анцəаимаҵзура» – «Убри аҟнытə, аишьцəа, Анцəа дсыманы сшəыҳəоит, шəцəеижь аҧсы шахоу, Анцəа ишигəаҧхо ала иҧшьоу ӡатəс иҟашəҵа. Абас ауп шəара ишшəықəнагоу иара имаҵура» (Аурым. 12, 1).
Аха хыхь иеиқəаҳаҧхьаӡаз атерминқəа акгьы ажəа «religio» аҵакыҵəҟьа иақəшəаӡом дара уи аганк шаадырҧшуагьы. Ҳара, ақьырсианцəа, адин иаша Иаса Қьырса иахь иҳамоу анцəахаҵарала Анцəа ҵабырг доуҳала иҿцәажәароуп ҵакыс иаҳҭо. Хымҧада абас ауп ишеилаҳкаауа. Ажəа адин («religio») аетимологиазы иҟоу аиҿагыларақəа ҳара ҳдыргəамҵӡом, избанзар ажəа аҵакы иара ахылҵшьҭра аасҭа хархəарас иаҭоу ауп ишьақəзыргыло. Иеилкаауп, адин атермин («religio») азеиҧш хархəарала уи аҵакы ҳзышьақəыргылаӡом ари аилкаара ақьырсиан дин еиҧш, егьырҭ адинқəагьы алаҳҵар. Ақьырсианцəеи иқьырсиаными адин атермин («religio») рхы ишадырхəогьы, дасу иара иитəу, изҷыдоу аилкаарақəеи аҵакқəеи арҭоит, насгьы лассы-лассы иеиҿагылоу аилкаарақəеи аҵакқəеи.
Ари азҵаара зҿлымҳара аҭаны иазнеитəуп, изазнеитəугьы абри ауп. Хыҧхьаӡара рацəала имҩаҧгоу аҭҵаарақəа иаҳдырбоит «амырҭаҭтə» нцəахаҵарақəа зегьы ақьырсиан нцəахаҵара ишаҿагылоу.
Насгьы урҭ формалтəқəаӡам, доктринатə еиҿагыларақəоуп. Абри аҟнытə ҳара ҳзы ҵакы змоу ганк мацара акəӡам, иаҳҳəап, «аҧсуа ӡатəҟаҵара», мамзаргьы ажьира, ашəарыцара, амш иадҳәалоу уҳəа аҵасқəа. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит еиҳаракгьы, адинтә ҵасқәа зегьы рзеиҧшдунеитə доктринатə ҷыдарқəа аазырҧшуа азеиҧш знеишьа. Ҳара агəра ҳаргара уадаҩӡам адунеи адинқəа зегьы, еилых ҟамҵакəа, Ажəытəтəи Азакəан (Ауасиаҭ) адин ҳəа иеидукалар шалшо. «Амырҭаҭуаа» адин гəыкала, ҵыхəаҧҵəарада, убри аҟнытə илҵшəадангьы дара рымчала: рыхдырра, ргəазыҳəара, рцəаныррақəа рхы иархəаны «анцəахəқəа» рнаалара ианашьҭоу иеиҧшны ирбоит. Даҽ. иуҳə. дара рхатəы, адгьылтə, ауаҩытəыҩсатə мчқəа ма аусқəа рыла – анцəахəқəа рымҵахырхəара (амҵахырхəара, аҵас) аӡатəнагара, аморалтə хымҩаҧгашьа, аскетизмра уҳəа рыла «анцəақəа» рнаалара, рыҽрымадара. Абри аганахьала, ҳара ҳхаҭақəа иаҳбар ҳалшоит иқьырсианым адинқəа зегьы шеиҧшу, џьара-џьара иеиқəымшəозаргьы (иахьеиҧшым рацəак зҵазымкуа рҿоуп – ахьыӡқəеи ақьабзқəеи рыҟны). Ақьырсианцəа иқьырсианым адунеи аҟнытə даҽакы изазыҧшуама, «амырҭаҭцəа» ҧсабарала Агəырҕьаҿҳəаша рзымдыруазар: «Ааи, ишəхьоу ауаа рзы аҟəыҕара рылаҳҳəоит, аха уи ари адунеи аҟəыҕара Иара Иҧсыцқьала акəӡам, Анцəа акгьы иаҧсаӡамкәа иҟаиҵо, ари адунеи амаа зку рҟəыҕара акəӡам. Ҳара ирылаҳҳəоит аамҭақəа ҟалаанӡа ҳара ҳзы иаҧиҵаз имаӡоу Анцəа иҟəыҕара. Уи ари адунеи амаа зкыз рахьтə аӡəгьы изеилымкааӡеит, избанзар уи еилыркаазҭгьы Аџьар данырҵаӡомызт ахьӡ-аҧша змоу Анцəа. Аха Аҩыраҟны ишҳəоу еиҧш:
«Лакгьы иамбац,
лымҳакгьы иамаҳац,
уи уаҩы игəы иазеилкаараны иҟам,
Анцəа бзиа дызбо
рзы ирхианы имоу».
Ҳара ари аҟəыҕара Анцəа иаҳзааиртит. Избанзар, Аҧсы зехьынџьара инеиуеит, иара Анцəара аҵагьы инаӡоит» (1Кор. 2, 6-10). Даҽ. иаҳҳə. “амырҭаҭцəа” Анцəа Изакəан ауп ирдыруа избанзар уи ргəаҿы иануп (рыламыс абжьы иднардыруеит). Абасала, амырҭаҭтə динтə хшыҩҵакқəа ари Азакəан аорбита – иҵасыми иҵасуи ирыкəшоит (Тора аҟны урҭ, иаҳҳəап, 613=365 иҵасым+ иҵасу рхыҧхьаӡара 248 рҟынӡа ыҟоуп, ахы инаркны аҵыхəанӡа урҭ рдинқəа Азакəан (аламыс, аҧсабаратə ҟазшьа, аморал, ашьцыларақəа уҳəа уб.егь.) иадинны иҟоуп, ус иагьыҟазароуп.
Ақьырсианцəа иҵабыргу адин злашьақəгылоу зынӡа даҽакуп ҳəа агəры ргоит. Ақьырсианцəа рзы адин Иаса Қьырса изку Агəырҕьаҿҳəаша ҵабыргла ахаҵара ауп иаанаго мамзаргьы Анцəа ила иаарту Жəҩангəашəҧхьара ауп: Ажəабжь бзиа Анцəа ауаҩы ҧас дҟаҵаны, Анцəауаҩы Иаса Қьырса, адунеи Аҿыхҩы ила дҿыхны, дхəышəтəны, ауаҩи Иареи шеинаалаз атəы. Абасала, Аҧҵаҩы идин аҵакала, изызкыҵəҟьоу Аҳ ду Иаса Қьырса дхазҵо роуп. Абри ауп Анцəа иҟнытə Жəҩангəашəҧхьара ауаа иднарҵо.
Ари адунеи Зшаз идин иаша, Анцəа иҟнытə Жəҩангəашəҧхьарала Анцəа иҿцəажəароуп ҵакыс иамоу, даҽ. иаҳҳə.
Анцəа Иаса Қьырса ихаҵарала доуҳала аиҿцəажəароуп. Убри аҟнытə ацқьа цҳаражəҳəаҩ Павел иҳəоит: « … иаҳдыруеит ауаҩы Азакəан иқəныҟəарала акəӡам дшаҭамҵахо, Иаса Қьырса ихаҵаралоуп. Убри азоуп ҳаргьы Иаса Қьырса дызхаҳҵаз , ҳаргьы Иара ихаҵарала ҳаҭамҵахарц, Азакəан ақəныҟəарала акəымкəа» (Гал. 2, 16).
Ианакəызаалак, теологцəақəак ма адəныҟатəи адунеи аконфессиа дуқəа Иаса Қьырса ишҟа анцəахаҵарала иаатуа алыҧхала ахəышəтəрақəеи аҭамҵареи анрыдрымкыло, арҭ ауаа мамзаргьы аныхақəа, аидгылақəа адин азы ирымоу ақьырсиан гəаанагара мап ацəыркуеит, усҟан лымкаала амырҭаҭтə гəаанагароуп ишьҭырхуа. Урҭ ақьырсиан нцəахаҵара иацəхьаҵуеит, ацҳаражəҳəаҩ Павел иажəақəа рыла: «Шəара Азакəан анагӡарала аҭамзааара шəоурц шəҭахызаргьы, шəара Қьырса шəицӡам шьҭа, илыҧхагьы шəаҵанакӡом» (Гал. 5, 4).
Даҽакала иаҳҳəозар, Аҳ ду Иаса Қьырса ила, Анцəауаҩы ила аҿыхра агəрагареи ауаҩы иара имчала, зыҧсы ҭоу рымчала ахҿыхра агəрагареи – иеиҿагылоу, иеинымаало цəырҵрақəоуп.
Абасала, ақьырсиантə дини егьырҭ «адинқəа» зегьи злеиҧшым, ауаҩы Иаса Қьырса ихаҵарала Анцəа иҟазаара, иҧсҭазаара аҽалархəра ахьалыршахо, мамзаргьы хыхь ахалара, аҽрыцқьара, аҧшьара, жəҩантəи аҧсҭазаара аҽалархəра шалшо агəрагара ахьрымоу ауп, аха уи ауаҩы ихала илшоит ҳəа агəрагара ахьыҟоу ауп. Аха ақьырсианра ауаҩы ихала ихы изҿыхӡом, иҽизыҧшьаӡом ҳəа унарҵоит. Уҿызхуа, узхəышəтəуа, узыҧшьо Анцəа иоуп!
Комментарии