Ари иаҿагылоит Агәырҕьаҿҳәаша адин, даҽ. иаҳҳә. Аҧсыцқьа ила, Анцәа илыҧхала (Анцәа Иажәа, аҵасқәа) иҳауз Анцәа Иаартра адин. Ари иаҿагылоит Анцәа Иаса Қьырса агәанаҳауаҩы дышидикылаз, дшихәышәтәыз, дшынцәаиркыз, ари шәареи ҳареи ҳшынцәиркыз ала агәрагара ҳазҭо адин. Қьырса дуаҩхеит азы шьҭа ауаҩгьы деиқәхоит ицәеижьтәым амчхара – алыҧха идкыланы. Ари Анцәа имҭаны, икаҳаз, игәаҟыз, агәнаҳа змоу ауаҩы хыхьынтә изаатуа ауп. Иаатуеит анцәахаҵарала. Иаса Қьырса иажәа ахаҵарала.
Абасала адин ҩ-гәыҧкны ишоит. Арҭ агәыҧқәа еиҿагылоуп. Ари ҳнарҵоит Ацқьаҩырагьы. Уи иҵабыргу динуп ҳәа иазханаҵо адгьыл аҿы Анцәа Иаса Қьырса данааи, агәнаҳа змоу ауаҩы, адунеи аншаз ашьҭахь икаҳаз Адами уи ихылҵызи ҿыххеит ҳәа ҳзырҵо адин ауп. Иара Ацқьаҩыра ашәҟәы ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп. Ажәытәтәи Ауасиаҭ (Аиқәшаҳаҭра) адунеи шшаз, агәнаҳаҟаҵара, аҧҟарақәа жәпакы ртәы зҳәо, убри аан акгьы зызмырҽеиз, изызмыриашаз, аха иҵабыргны анцәахаҵара змаҵәҟьаз Арҵаҩы-Аҿыхҩы иааира ишазыҧштәу агәра днаргеит. Ауасиаҭ Ҿыц (Аиқәшаҳаҭра) адгьыл аҿы Ажәытәтәи Ауасиаҭ (Аиқәшаҳаҭра) аҧҟарақәа назыгӡаз, аҧсра аҧызхыз, ашәира мчыдазтәыз, азакәандаразы зегьы аҭазымҵаз Арҵаҩы-Аҿыхҩы иааира атәы зҳәоз.
Анцәа иажәа иеилыкка, иеилырганы ирыланаҳәоит абри ала, ақьырсиан Ныха зыҧсы ҭаны ауаҩытәҩса иаҧиҵаз зегьы наскьаганы, иаҧырхны, убри аҟнытә илҵшәадоу адинқәа, иаҧҵатәуп иагьышьақәырҕәҕәатәуп адунеи зегьы аҿы иҿыхгоу Аб Иаса Қьырса изку Ажәабжь адин. Анцәа адунеи зегьы ашҟа идәықәиҵоит ацҳаражәҳәаҩцәа: «Адунеи зегьы шәалсны ауаа зегьы ирылашәҳәа Агәырҕьаҿҳәаша. Агәра ганы аӡӡаахра здызыкыло дҿыххоит, агәра зымго иқәыӡбахоит» (Дн. 26, 17-18). Ари инақәыршәаны, иеилкка, иеилырганы иҳәоу Ауасиаҭ Ҿыц – Агәырҕьаҿҳәаша иаҳәо хазымҵо адоуҳа амдырра алашьцара рхатәоуп, аҩысҭаа инапаҵаҟа иҟоуп. Уи иацәцоит Анцәара ианадҧхьалаха, даҽ. иаҳҳә. «анцәахаҵаралаанцәара» астатус архынҳәра, ахәыцшьа ҧсахны ахьхәрала, Анцәа иҧсабара аҽалархәрала.
Абасала, Анцәа Иаарта иҵабыргуп ҳәа иазханаҵо, ауаа рҿыхра зылшоны иҟоу ақьырсиантә дин ауп. Ақьырсианроуп адин ҳәа ахьӡ иаҧсоу, иара заҵәык ауп гәнаҳа змоу ауааи анцәеи еидызкылоны иҟоу. Ауаҩытәыҩса иаҧиҵаз анцәаимаҵзура аформақәа, зыҧсы ҭоу рымчхарақәа рымаҵзура ақьырсианцәа адин ахьӡырҵазаргьы, ари атермин инарҭбааны рхы иадырхәоит, иаҳҳәап, Аҧшьаҩыраҿы амцнцәақәа «анцәақәа» ҳәа рхы ишадырхәо еиҧш, урҭ ҵакыла зынӡагьы ишынцәақәамгьы.
Абри азоуп адунеи аҿы иҟоу адинқәа – иҵабыргугьы имцугьы реихшара алзыршаша азеиҧштә динтә концепциак ма принципк аҧшаара зыҟамло.
Ақьырсианра, иара ахылҵшьҭрала, егьырҭ реиҧш, ауаа иаҧырҵаз адинқәа ирыҵаркӡом. Ари иақәшаҳаҭым, азеиҧштә динтә концепциа ашьақәыргылара алшоит зҳәо, Аб Иаса Қьырса Ижәҩангәашәҧхьара адини ауаатәыҩсаратә хылҵшьҭра змоу адини злеиҧшым рбаӡом.
Лассы-лассы адин ауаҩы хаҭала Анцәа дшизыҟоу ауп» ҳәа иахәаҧшуеит. Насгьы ас адин азнеишьа акыр инарҭбааны, ауниверсалтә ҵакы амоуп, ақьырсиантә еиҧш амырҭаҭратә динқәагьы аҵанакыртә еиҧш ҳәа ирыҧхьаӡоит. Аха ас адин азнеишьа шиашам убоит ауаҩытәыҩса «ихаҭареи» «ауаҩы хаҭала Анцәа дшизыҟоу» ала знеира анализ азура ҳаналагалак. Ахаҭара (ақьырсиан хылҵшьҭра змоу терминуп) – аҧҵараантәи Аҧҵаҩы ихаҿсахьоуп, нас, ауаа зегьы агәнаҳа шрымоу ала, урҭ «хаҭала» Анцәа изыҟазаашьа дара рыҧсабарала (!) ашәареи агәкаҳареи рыла ишьақәыргылоуп, абрантә Аҧҵаҩы ицәымҕра, идымкылара цәырҵуеит. Ари зџьашьатәу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Абри атәы аҳәоит Аартрагьы ауаҩытәыҩса иҧышәагьы. Убас, ҳара иаадыруеит Иаса Қьырса ихаҵара рыманы имииз ауаа зегьы «усҟан Қьырса ида шәыҟазаарын, Анцәа иитәу Израиль Анцәа ижәлар шәырхыҧхьаӡаламызт, Анцәа ихаиҭаз ажәа иадҳәалоу аиқәшаҳаҭрақәа шәара шәрылхәданы шәыҟан. Ари адгьыл аҟны шәара гәыҕрада шәыҟан, Анцәа ида» (Ефес.2,12). Гәыкала Анцәа изааигәахара, инаалара ишашьҭазгьы, лыҧха рымамкәа, ацивилизациа ҟазарыла иаҵәахуа ашәара, агәкаҳара иҭагылазаауан… Урҭ гәнаҳа шрымоу Ацқьара Амца (Анцәа) изизааигәахаӡом. Убри аҟнытә урҭ шәиуп, ирықәыӡбоуп (раҧхьа иргыланы дара рыламыс ала). Анцәа Ицқьара ауаҩытәыҩса иҧсабара иаҟазшьоу агәаҟра, агәнаҳа, ачымазара аилабаара еиҧш, убас егьырҭгьы ирыцәтәымуп. Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Павел иҳәоит: «Азакәан ақәныҟәара иақәгәыҕуа зегьы – шәиӡам, избан акәзар Ацқьаҩыра иаҳәоит: «Дшәизааит дарбанзаалак азакәан шәҟәы иану зегьы иқәымныҟәо» (Гал. 3,10). Аморалгьы, аламысгьы абзиа аура иазкызаргьы, аҭынчра аанамгаӡеит иагьаанагаӡом. Убри азоуп иеиуеиҧшым адинқәа лыҧха змам русура, афилософиа хыркы алаҵаны, иаҟазшьоуп азҵаара: «Аҟәыҕа дабаҟоу? Дабаҟоу аҵарауаҩ? Ари аамҭа ахәыцҩы дабаҟоу? Аҳ ду ауаа рҟәыҕара бзамыҟәраны иҟаимҵаӡеи?» (1Кор. 1, 20). Ари аихшьала азуны, алкаа ҟаҳҵар ҟалоит, аӡатә нагара шыҟарҵо, зыхьӡ рҳәо, ҵасс имҩаҧырго акәӡам аус злоу. Ара ихадароу, ауаҩы ацәгьара уны ихала уи ириашарц, ихиҩарц далагоит, уи ацынхәрас Аҧҵаҩы Иара иаҧҵамҭа ӡатәс изнаганы. Аӡбаҩ иҿы иара имазарала ихы ҿихырц далагоит. Ажәытәтәи Ауасиаҭ ахаан аҧааимбар Исаиа Аҧсыцқьа «вавилонтәи абааш» ашәышықәсақәа зегьы рыҩныҵҟа ажәҩан ахь ахагалара иаанагоз иҳәеит Аҧҵаҩы инааларазы:
«Уӡырҩла, ажәҩан, иурҳала адгьыл!
Абас иҳәоит Аҳ ду: « Сара сҧацәа рааӡара саҿын, ирызҳаит, дара уажәы иааҳәны Сара исҿагылеит!
Ацә аҧшәма дадыруеит, аҽада иадыруеит акраҿазҵо. Израиль ауп иззымдыруа, сара сыжәлар роуп иззымдыруа!»
Ирыцҳауп гәнаҳа змоу ажәлар, ирыду ахара аидара иахьаҵоу! О абшьҭра бааҧс, ацәгьаршҩцәа сҧацәа! Анцәа дырхашҭит, Израиль Анцәа Ицқьоу дрыдыркылаӡом, ицәхьаҵит.
Еиҭа иаашәысуа шәрыпҟалар шәҭахума, ахамаҧагьацәа? Шәхы ахәрақәарануп, шәыҩныҵҟа ашьа шәыҕроуп.
Шәышьхәақәа инадыркны шәхагәҭанӡа иеиьгоу ҭыҧ шәымаӡам: ишәну ашәахсҭақәа, аҧҟарсҭақәа, ашьа рхьыкәкәа – ҿыӡёәӡәаам, иҿаҳәам, ахәша рыхьшьым.
Шәыдгьыл еимырҵәеит, шәықалақьқәа амца рыцраҵаны иблуп. Шәыла ишабо шәтәыла аҭарцәра иаҿуп. Зегьы еимырҵәеит, иқәырхит Соддом еиҧш!
Сион аҧҳа аӡахәаҭраҿы игылоу ақьала заҵәы еиҧш дынхеит, ауҭра иҭагылоу еиҧш, итҟәоу ақалақь.
Аибашьра Аҳ ду ари иаанхазгьы еиқәимырхазҭгьы, Соддом алахьынҵа ҳаууан ҳаргьы, Гоморра алахьынҵа ҳзыҧшызаарын!
Шәазыӡырҩы Аҳ ду Иажәа, Содом аҧхьагылаҩцәа! Гоммора ажәлар Анцәа Изакәан уазыӡырҩы!
«Исҭахӡам сара шәара иҟашәҵо аӡатәнагарақәа хыпҧхьаӡара рацәала, – иҳәоит Аҳ ду. – Исызхеит сара иблу ауасақәеи шшала ирчалоу арахә. Исҭахӡам сара ацәқәа ршьакаҭәара, ауасақәеи, аџьмақәеи ршьа.
Шәара шәааиуеит Сара сҿы, аха ус иаҭахуп ҳәа шәазҳәада? Сныха ашҭақәа шьапыла изышәкәаҳауеи?
Иазхоит акгьы иаҧсам амҭақәа рыҟаҵара! Урҭ ирхылҵуа алҩа хәымгасшьоит. Амзаҿагылара, асабшақәа, аизарақәа… Сырнаалом агәнаҳауаа рныҳәамшқәа!
Амзаҿагылара азгәаҭареи шәара шәныҳәақәеи сцәымыҕхеит. Урҭ сдырааҧсеит уаҳа рычҳара сҭахым.
Шәнапы сызшәырххоит, аха Сара сшәыцәхьаҵуеит. Иага шәсыҳәаларгьы сышәзыӡырҩӡом. Шәнапқәа ашьа рыхьшуп.
Шәҽышәыӡәӡәа, шәҽышәрыцқьа шәус хәымгақәа сымбарларцазы уаҳа. Ацәгьаура шәаҟәыҵ,
абзиа аҟаҵашьа шәҵала!
Ақәнага шәашьҭаз, иаадмырбуа шәицхраала, аеҭым дшәыхьча, аиба шәлыдгыл.
Шәааи, шәаргьы Саргьы ҳус аӡбаҩцәа ираҳҭап, – иҳәеит Аҳ ду! Шәыгәнаҳақәа аба ҟаҧшь иеиҧшзар, асы иузадкылома? Иҟаҧшьыхәхәаразар, аласа шкәакәа иузадкылома?
Сҳәатәы хашәҵа – адгьыл иалҵуа шәгәы арҭәуеит.
Мап сцәышәкыр, шәыгәрымлар – аҳәа шәахәхоит!» (Ис. 1,1-20).
Даҽакала иаҳҳәозар, ауаҩы Қьырса ихаҵарала дамырҟәыҕозар, агәнаҳа ахьхәра ила хнатаанӡа иара «хаҭалатәи» Анцәа изыҟазаашьа – ашәареи, агәҭынчымреи, агәкаҳареи, иара убри аҟнытә аиҕареи иахылҵуа акы акәхоит. «Зыҧсабара иазыӡырҩуа, уи иқәныҟәо ауаҩы, Анцәа диаҕоуп: уи Анцәа иҧҟара дықәныҟәаӡом, уи агьилшаӡом» (Аурым.8.7.), абри ауп ҳара зехьынџьарагьы иаабо, ауаа рассас, милаҭс изҵазкуазаалак, социалтә ҭагылазаашьас ирымазаалак.
Аха ауаҩы «хаҭала» анцәа изыҟазаашьа аҽаҧсахуеит агәнаҳа ахьхәралеи Қьырса ихаҵаралеи, ҧсызхам амҭа аҽалархәралеи Анцәа ҧас диоууеит. Убасҟан уи иоууеит Пиотр ацҳаражәҳәаҩ зыӡбахә иҳәо аламыс цқьа: «Уи шәҿызхуаны иҟоу аӡӡаахра иасимволуп. Аӡӡаахра ацәеижь арыцқьара акәӡам, ари ламыс цқьала Анцәа ишәҭо ажәоуп, Иаса Қьырса Ибзахарала шәҿызхуа» (1Пиот. 3,21); уи Анцәа илҧха аиуразы агәрагара ҕәҕәа унаҭоит, избанзар «анцәа ҳҽанидаҳкыло, иҵабыргны Анцәа ҳаҽимаҳдоит, Ҧсызхам Анцәа Имчхара ҳҽаналаҳархәы», иҳәоит аҧшьаҩылаша Григори Палама, ҳара ҳагәнаҳақәа рзы аҭамҵареи наӡаӡа аҧсҭазааразы хәызмаӡам агәыҕреи ҳаууеит. Ари аҧҵамҭа ҿыцуп, избанзар «Қьырса зыҽимаздаз, ҿыц аҧҵамҭаны дыҟоуп. Ажәытәра ыиасит – абар иааит аҿыц» (2Кор. 5, 17). Анцәахаҵара, уи ҳара иҳабзоураны акәӡамкәа Анцәа имҭаны иҳауз акы аҳасабала, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа аҧсахуеит. Лыҧха зцу ари аизыҟазаашьа ацҳаражәҳәаҩ Павел абарҭ ажәа ссирқәа рыла дахцәажәоит: «Абасала, нцәахаҵарала ҳхы риашаны ҳара Анцәа дызцу аҭынчра ҳамоуп Аҳ ду Иаса Қьырса ила, Зыла нцәахаҵарала ҳазлагылоу алҧха ҳазааигәазтәыз, Анцәа иқәгәыҕрала ҳазлаҽхәогьы убри ауп… Уигьы маҷаҳшьоит, аха Аҳ ду Иаса Қьырса ила Анцәа ила ҳаҽхәоит, уи илоуп иахьа аизыразхара злаҳаузгьы» (Аурым. 5, 1-2; 11). Абас еиҧш анцәахаҵара змоу ақьырсиануаҩы Анцәа хаҭала изыҟазаашьа, анцәахаҵара змам, иқьырсианым ауаҩы Анцәа изыҟазаашьа иаҿагылоуп, избан акәзар раҧхьатәи, аҭынчреи, агәырҕьара, анасыҧ азыҟазаашьоуп.
Комментарии