А́иа-Абаи́а аушьҭыгатә тропа́рион, 1-тәи абжьы
Αԥсцәа рахьтә азеиԥш гылара шыҟало /
агәаҟра Ухугаанӡа агәра ҳаргауа, /
иԥсы ҭоуҵеит Ла́зар, / Қьырса ҳ-Анцәа. /
Убриазы ҳаргьы хәыҷҵас, /
аиааира адыргақәа* кны, /
Уара аԥсра иаиааиз Узҿаҳҭуеит: /
Ҳосанна́ Хыхь Иҟоу! /
Дныҳәоуп, ҳ-Аҳ Ду ихьӡала Иа́аиуа!
А́иа-Абаи́а аҩбатәи аушьҭыгатә тропа́рион, 4-тәи абжьы
Ӡаахрала иуыцыжхаз, / Қьырса ҳ-Анцәа, /
аԥсцәа рахьтә Угыларала /
ԥсразқәым аԥсҭазаара ҳаԥсахеит, /
ахьыӡра́шәагьы Узаҳҳәоит: /
Ҳосанна́ Хыхь Иҟоу! /
Дныҳәоуп, ҳ-Аҳ Ду ихьӡала Иа́аиуа!
А́иа-Абаи́а аконда́кион (ақанда́қь),
Роман Ашәаҳәаҩ иаԥиҵаз, 2-тәи абжьы
Ажәҩан аҟны атәарҭаҳаракы Иқәтәаны, /
адгьыл аҿы ҽада́шьамхыла инеиуаз, / Қьырса ҳ-Анцәа, /
Иудукылеит / а́маалықьцәа рыҽхәаԥхьыӡи /
ахәыҷқәа рхьыӡра́шәеи /:
Уныҳәоуп, Адам иааԥхьаразы Иа́аиуа! / — ҳәа узҿызҭуаз.
Translation from Ancient Greek into Abkhaz: Archimandrite Dorotheos (Dbar)
Editors: Tamila Arshba, Arda Ashuba
____________________
* Адыргақәа — амахәқәа
Комментарии