Молитва св. Ефрема Сирина на абхазском языке

Ацқьа Ефрем Сир иныҳәаԥхьыӡ

Сыҧсҭазаара Зымпыҵаку, с-Аҳ Ду! Усда атәареи, агәаҭеиреи, амчра абзиабареи, баша ацәажәареи рыҧсы сылаумҵан сара. (Ҳалахь-ҳаџьымшь ӡатәны, ҳҩшьамхык арсны, ҳхырхәоит).

Бзиарахәыцреи, ҟәышрала аҽырларҟәреи, ачҳареи, абзиабареи рыҧсы сылаҵа сара, Утәы. (Ҳалахь-ҳаџьымшь ӡатәны, ҳҩшьамхык арсны, ҳхырхәоит).

Аи, с-Аҳ Ду, исыҭ сара алшара аиакәым изуыз збартә еиҧш, сашьагьы сиқәмыӡбартә еиҧш, избанзар Уара наунагӡа иныҳәоу Уоуп. Амин. (Ҳалахь-ҳаџьымшь ӡатәны, ҳҩшьамхык арсны, ҳхырхәоит).

Нас 12-нтә ҳаиҭахырхәоит (ҳалахь-ҳаџьымшь ӡатәны, ҳшьамхы амырскәа), абас ҳәауа:

 Анцәа Ду, лахь сумҭан аиакәым зуыз, сагьрыцҳашьа.

Анаҩс, даҽазнык иаҳҳәоит: Аи, с-Аҳ Ду, исыҭ сара алшара аиакәым изуыз збартә еиҧш, сашьагьы сиқәмыӡбартә еиҧш, избанзар Уара наунагӡа иныҳәоу Уоуп. Амин. (Ҳалахь-ҳаџьымшь ӡатәны, ҳҩшьамхык арсны, ҳхырхәоит).    

Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)