Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Дырмит Гәлиа. Иисус Христос игылара

Дырмит Гәлиа. Иисус Христос игылара

Извините, этот текст доступен только на “Abkhazian”.


 
Иисус ауаҩытәыҩса цәеижь шьҭыхны аҧсабараҿы дааит. Аха, ҳәара аҭахума, Дшынцәаз еиҧш, Анцәаратә џьашьахәтәқәа ҟаиҵон: алашәцәа ирбо иҟаиҵон, адагәақәа ираҳауа, ацыркьцәа еибганы иныҟәо, дышнеиуаз аҧсцәагьы бзаитәуа даналага, жәлары Хыхьтә мчык шилаз аҟара рдыруа иалагеит. Иара иахь рхы дырхеит, усҟантәи рышәҟәдырҩцәеи, рфарисеицәеи, рыҧшьаҩы еиҳабацәеи иахьа уажәраанӡа дара ирыхәарҭаз азы жәпакы амцымҩа иқәҵаны измаз ирыцрыҵны. Абри аҟнытә абарҭ аҧшьаҩы еиҳабацәеи, афарисеицәеи, ашәҟәдырҩцәеи иҵашьыцны игәаҕ шьҭырхын, ихарамыз аусқәа мыцшаҳаҭла ихаратәны, Понтиа Пилат ила аҧсра иқәрыӡбеит. Ахәаша ду аҽны аџьар дкыдырҵеит. Дыҧсит цәеижьла Иара ишизҳәаз ала, аҩыра ишаныз еиҧш. Дыржит убри аҽны шьыбжьышьҭахь. Дахьҭарҵаз аҳаҧы ашә хаҳә дук ҩаҧыражьны, аҷаҧшьацәа ҩахаргыланы ажәлар еимпит.
 
Данырж ахымш рзы, абри ахәаша ду иацааиуаз амҽыша ашарахь инеигәо ианалага, адгьылҵысра ду ҟалеит. Амаалықь маҭәа шкәакәа цырцырла иеилаҳәаз дааин, Христос дахьжыз идамра ахаҳә аадихит. Христос дгылт. Абасоуп Иисус Христос Аҧсабара ҿыхҩы данырж ашьҭахь, аҩырақәа ишырҳәоз еиҧш ахымш рзы дышгылаз.
 
Амшаҧы лаша аҽны ашәаны ирҳәо атропар:
«Христос дгылт аҧсцәа рахьтә, аҧсрала аҧсра даиааит, адамра иҭақәазгьы аҧсҭазаара риҭеит».
 
АМШАԤ ЛАКӘ
 
Христос аҧсабараҿы даныҟаз, ажәларқәа еимидон, агәаҟцәа дрыцхраауан. Зны қыҭак аҿы дахьнеиз, ауха сасра џьаргьы днармышьҭит уаҩбашас дыҧхьаӡаны. Христос шиакәыз дара ирзымдырит. Ақыҭа аҵыхәанӡа инхауан х-ҩеишьцәа. Рыҩны баша ҭӡын, хызеи хчыс ирымаз ҳәа ҧҳәын. Абарҭ рҿы сасра днеит. Иеигәырҕьаны дрыдыркылан, зеиҕьа рымамыз афатә имҵарҵеит, шьҭалангьы ҧҳәык наиҵаҧсаны днышьҭарҵеит, даргьы цәарҭас ирымаз убри акәын. Абарҭ ахҩеишьцәа абасҟак ишыҳалалыз аниба, “Исашәҳә насыҧс ишәоуразы ишәҭаху, сара анасыҧ зшауа аӡә соуп” ҳәа раиҳәеит. Реиҳабы анхара бзиеи, арахә, аҩнра бзиеи насыҧс ииҭаразы даҳәеит. Агәыбжьанытәгьы иара убри иеиҧш, амазара даҳәеит. Аиҵбы насыҧс дзыҳәарыз изымдырызт, дцан, рааигәара иҟаз ахәаахәҭҩы диазҵааит, насыҧс саҳәарц иеиҕьхарызеи ҳәа. Дзызҵаауаз ауаҩы дуаҩ ҿан. Сара иуасҳәауа сыздырам, сашьа еиҵбы уизҵаа ҳәа иеиҳәеит. Уи аиҵбы ҳәа зыӡбахә иҳәаз, иаҳа иуаҩраҿы днаӡахьеит уҳәартә дыҟан. Убригьы иашьа еиҵбы иахь днеишьҭит. Уи реиҵыбӡа зегь реиҳа дажәхьан. “Насыҧс иҟоу зегьы реиҳа ахаҵа изы аҧҳәыс бзиа лоуп” ҳәа иаиҳәеит.
 
Иубо, анҭ сашьцәа еиҳабацәа сара сеиҳа ишҿоу – урҭ аҳәса бзиақәа рымоуп азыҳәан ауп сара сеиҳа изҿоу, сара, ишубо еиҧш, сажәит, сызражәыз сыҧҳәыс лоуп. Насыҧс ахаҵа изы иҟоу аҧҳәыс бзиа лоуп”, иҳәеит. Дгьежьны дааин анасыҧшаҩы диҳәеит: “Аҧҳәыс бзиа насыҧс дсыҭ” ҳәа.
 
Христос дхәыцуа ус иҳәеит: “Аҧсабараҿы аҳәса бзиақәа хҩык ракәын иҟаз, ҩыџьа хаҵа ицахьеит, агьи аӡәк уаҵәуха хаҵа дцоит, аха уца убра, уаҟа иудырып иуҳәашеи иуушеи – иҳәан, дахьцашаз иаҳәаны амҩа дықәиҵеит. Дахьнеиз аҭацаагацәа леихьан, ажәлар еизаны иҟан, иаргьы уа дҩарылагылт.
 
Аҧшәмацәа аҭацаагацәа дрыуаз џьыршьон, аҭацаагаҩцәа даҧшәымоу џьыршьон. Ачара еилго ианалага “шьҭа сыҧҳәыс дсышәымҭои” ҳәа дгылт. Исасызгьы иаҧшәымазгьы зегьы уамашәа ирбан, агәгәаҳәа иааилалт. Зегьы рызхара анырҳәа, рызхара ианаҕьы, даагылан, ҵәатәы кәысҭҕаки ҳатәы кәысҭҕаки адәны амца агәгәаҳәа иахьақәыз иааҽҳәихын, ус реиҳәеит: “Абри амца амҿы нақәҵаны ишәырҕәҕәа, сара абарҭ акәысҭҕақәа нырцә-аарцә амца иадырххыланы иасырсуеит, абарҭ акәысҭҕақәа уаха иаӡаханы, ишәҭны, ашәыр рҿаланы, ашьжьымҭан аҵәа ашьапаны иарҭны аҵәа кашәозар, аҳа ашьапангьы, аҳа арҭны икашәозар, ари аҧҳәызба сара дшысгарҭоу жәдыр” ҳәа раиҳәеит. Ианааша, аҳаи аҵәеи иџарџаруа ашәыр кыдышьшьы ирҿаны игыланы, арҭқәа ҵаҟа ирыҵаҧсон. Аҧҳәызба даарымхны ҧҳәысс иара дигеит. Ари еиҧш аџьашьатәы зуыз иҧҳәыс димызхыхуадаз! Иҧҳәыс диманы аҩны дахьааиз иашьцәа рыҩны еицаҟьа абаҟоу, уи ацынхәрас зеиҕьыҟам аҩны заманақәа рызгылоуп, рырахә рзеихцом, – ауаа беиа заманақәа. Рашьеиҵбы амазара насыҧс иамыҳәаз акры ауирҭахуаз, наҟ иҵаҟьеит, иҧҳәыси иареи рыдгьылқәа иреицәаз акы аҿы инеин, ҩыншәагьы акы ҩаргыланы инхеит. Аха ируа ирҳәауа зегьы дара рзы ихырҳаганы, иҵарҳаганы, имарымажахо иҟалон, дара хаҵеи ҧҳәыси еибамбар амуа еиҿынҵәаауа акәын ишыҟаз. Анцәа ицәшәара рыман, иҧҟарақәа ирықәныҟәон. Егьырҭ иашьцәа, абеиацәа есымша иеисуан, иеицәҳауан, лабахыла иеилан, рыҳәсақәеи дареи есымша аҭыӡшәа рыман. Христос зыла анасыҧ роуз, дахьатәыз рыздырамызт, есышықәса дырҭаалон. Ҧасатәи ашықәс азы данырҭаа, аишьцәа-абеиацәа даара бзиа дныҟәыргеит, егьи ашықәс азы иааҳәынгьы ихәамҧшит, рашьа ҧҳәыс бзиамзар мазара ду змамыз, есышықәса еиҳа-еиҳа иеиҕьны, гәыкала диеигәырҕьаны диҧылон.
 
Христос аҧсцәа рахьтә дангыла ашарҧазы абарҭ аишьцәа рыҟны днеит. “Абри абер абра дцо-даауа ҳгәахы ҧиҵәеит” рҳәан иҵаҟьеит. Реиҵбы иахь днеит. Абри реиҵбы убри ауха иҧа хәыҷы дыҧсызаап, аха Христос игылара анраҳа, аныҳәа ду аҳаҭыр аҟнытә аҧсы дыцәоушәа днаскьаганы днышьҭаҵаны, дара иахәмаруа, иччо иааидтәалт. Убри аамҭазы ирзаалоз абер ашҭа дааҭалауаны дырбеит.
Акәтаҕь ҟаҧшь аныҳәа аҳаҭыр аҟнытә иршәыз рыманы иҧылан: “Христос дгылт” рҳәан, иеигәырҕьаны даагәыдыркылт. “Шәыҷкәын хәыҷы дабаҟоу” ҳәа данрызҵаа, крифаанӡа иаҳҳәар илахь еиқәнаҵап, дук агьифарым, рҳәан, “Аҷкәын дыцәоуп дҭахәхәа, уажәы иаарласны ирҿыхара дук бзиа ибом, зны акраҳфап, акраажәып, нас ахәыҷы дҳарҿыхап” рҳәеит, аха имукәа дысшәырбароуп иҳәан, дахьышьҭаз днеин: “Христос дгылт” иҳәан ахәыҷы акәтаҕь ҟаҧшь наииркит. Ахәыҷы днаҵҟьан” “Иҵабыргны дгылт” иҳәан даагәыдикылт.
 
Ари еиҧш аныҟала ахәыҷы иаби иани ргәырҕьарак ҵҩакы аууазма! Уи анахыс Христос иажәала абеиарагьы урҭ ирыдлеит, анасыҧ бзиа усҟангьы дара ирыман. Егьырҭ аишьцәа-абеиацәа Анцәа данырхашҭ, анасыҧ, ирҭахыз рызҭаз ианиҵаҟьа, иара ила ироуз зегьы рцәыҧхасҭахан, рыҳәсақәеи дареи еилыҵын, рашьа ҳалал инапы ианыҧшыланы иҟалеит.
 
Абасоуп, аҳалал, Анцәа ицәшәара змоу ауаҩы имҩа шыҟало.