Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Дараҭ (Дбар), архимандрит. Аԥсуа икультура ажәытә ҷыдарақәак

Дараҭ (Дбар), архимандрит. Аԥсуа икультура ажәытә ҷыдарақәак

Архимандрит Дараҭ (Дбар),

аҭеологиа адоктор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурыхтә ҟәша

аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы

 

 Аԥсуа икультура ажәытә ҷыдарақәак

Ишдыру еиԥш, ажәа «акультура» ахьынтәаауа алатин ажәа «cultura» аҟнытә ауп. Ари атермин ахархәара дугьы амоуп, аҵакқәагьы рацәоуп. Аха иахьатәи аамҭазы «акультура» анаҳҳәо, иеиҳараӡак ҳхаҿы иааиуа XVII-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы Еуропа абри атермин ҵакыс иарҭаз, иаҳәоз аилкаара ауп. Алман закәанҭҵааҩи аҭоурыхҭҵааҩи Самуель фон Пуфендорф (Samuel von Pufendorf, 1632–1694) ари атермин ихы иаирхәеит иааӡоу, аҵара змоу ауаҩы идҳәаланы, иааӡам, аҵара змам ауаҩы иҿаргыланы. Абас ауп иахьатәи аԥсуаагьы ишеилаҳкауаа аиҳарак ажәа «акультура». Ас мацара иҟоу аилкаара ҭоурыхла уахәаԥшуазар, ииашам. Убри аҟнытә иахьатәи сықәгылараҟны сазааҭгылар сҭахуп атермин «акультура» иаҵанакуа, аԥсуаа ҳабзазараҿгьы жәытәнатә аахыс ишьҭнахыз даҽа ҷыдарақәакгьы.

 

Адгьыл азнеишьа акультура

 

Аханатә ажәа «cultura» иаанагоз адгьыл нападкылара, аус адулара, ақәаарыхра акәын. Алатинтә хыҵхырҭақәа рыҟны раԥхьаӡа акәны ажәа «cultura» ҳԥылоит Маркос Порциус Като Аиҳабы (Marcus Porcius Cato, 234–148 шш. Қьырса Иира ҟалаанӡа) адгьыл аарыхра иазку итрактат «De Agri Cultura» ҳәа хьӡыс измоу аҟны. Ари аҩымҭаҟны зыӡбаху ҳәоу адгьыл ақәаарыхшьа мацара акәӡам, иара адгьылгьы қәнагала азнеишьа атәгьы аҳәоит.

Аԥсуа нхаҩы идгьыл азнеишьаҟны иман ихатәы культура. Ари атема иадҳәалоу зегьы қәгыларак ала ҳәашьа амам, аха уажәазы иазгәасҭар сҭахуп ҩ-ҭагылазаашьак.

Актәи, ажәытә аамҭа инаркны XX-тәи ашәышықәса азбжанӡа, сара иахьынӡаздыруа, аԥсуа нхаҩы идгьыл аҭира икультура иаҵанакуамызт. Ҿыц нхара ицоз ауаҩы ацуҭа ма ақыҭа зегьы еилацәажәаны адгьыл изылырхуан. Ус ҟарҵаанӡагьы иҵаауан абиԥарас, жәлас, шьҭрас уи адгьыл зтәыз. Изтәызгьы ақәшаҳаҭымхакәа адгьыл гашьа ыҟамызт.

Иҟоума ас еиԥш азнеишьа иахьатәи аԥсуаа ҳкультураҟны?

Изааӡари, иахьа зегьы ҳаицлабны ҳадгьыл аҭира ҳаҿуп. Сара издыруеит иаӡәымкәа, аԥсуаа забацәа ргәараҭа, рнышәынҭрақәагьы нарыдкыланы, изҭихьоу.

Аҩбатәи, аԥсуа дызқәынхоз адгьыл иаразнак иадубалон, еиҳараӡак атәымуаа ҳаланхо ианалага аамҭа инаркны, уи ахарахәараҟны ихатәы культура ду шимаз. Ҭӡыцыԥхьаӡа аԥсуа ҭаацәарақәа рыдгьылқәа ишан, ихкаан, ирԥшӡан (аԥсуаа рыбзазараҟны анхаратә естетика, акультура иахәҭаку, акраҵанакуан, иахьа практикала иаԥсам ҳәа иаҳаԥхьаӡо) абас: амӡырха, ашҭа, агәарԥ, ақәаҵа, абаҳча, амхурсҭа, алаҵарҭа, ауҭра, агәара, ахкаара, аҳәысҭа.

Иахьазгьы ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа, Анцәа иҳәаратәы, макьана аԥсуа нхаҩцәа, имаҷзаргьы, имырӡкәа иааргоит. Зҽызыԥсахыз атәы уҳәозар, уи абри оуп: иахьатәи анхаҩцәа рыбжеиҳарак, дара ирыҵакуа адгьылқәа рынҭыҵ иҟоу аҭагылазаашьа хьаас ирымаӡам. Абасла, адгьыл азнеишьа иадҳәалаз иаҳцәыӡуа иалагаз ҳжәытә культура иахҟьаны, ҳгәарбжьарақәа, ҳамҩадуқәа, ҳамҩахәасҭақәа, ҳашьхақәа, ҳагаҿақәа рыҟны, иахьабалакь аҟьамсар убоит.

Иахьатәи аԥсуаа аныҳәаҿа анаҳкуа, ҳхы ҳахыҽхәаны еснагь иазгәаҳҭоит — ҳаԥсадгьыл Анцәа ихазы инкыланы имаз ауп ҳәа. Аха иаҳхашҭыз, Анцәа ихазы иникылаз адгьыл аԥсуа ианииҭа, аԥсуа идыруазаруп ари адгьыл қәнагала ишазныҟәатәу! Даҿакала азнеишьагы — шҵасым!

 

Ақалақь иарҿиаз акультура

 

Аеллин бызшәаҟны атермин «акультура» арбаразы ахархәара амоуп ажәа «πολιτισμός». Ари ажәа аеллин бызшәаҟны ихьшәаны иаланагалаз акы шакәугьы, етимологиала иара зыдҳәалоу ажәа «πολίτης» (ақалақьнхаҩы) ауп, уагьхьанарҧшуеит ажәа «πόλις» (ақалақь) ахь. Антикатәи Еллада ахаан атермин «акультура» иазааигәан ажәа «παιδεία» (ааӡара, аҵара аиура, азҳара; алатинтә «cultura» абра иеиқәысыԥхьаӡаз аҵакқәагьы аанагоит), иагьаанарԥшуан ауаҩы «иҩныҵҟатәи акультура» ҳәа ҳзышьҭоу.

Ари зегьы зхысҳәаауа, ажәытә еллинтә қалақь-ҳәынҭқаррақәа идырҿиаз иеицырдыруа акультура ду ҳара аԥсуаа ҳадыԥхьалан Қьырса Ииира ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса инаркны. Уи злаҟалазгьы дара аеллинцәа Аԥсны иаԥырҵаз ақалақь Диоскуриа (иахьатәи ҳаҳҭнықалақь Аҟәа) абзоуралоуп. Анаҩсан, зымч духаз Урым аимпериа инаркны XX ашәышықәсанӡа Аԥсны ицәырҵыз ақалақьқәа рхыԥхьаӡара иацҵан. Абас ала, Аԥсны ҩнызқьи хәышә шықәса рыҩныҵҟа иҟази иҟоуи ақалақьқәа ирыбзораны иеицырдыруа ацивилизациақәа ркультура (иазгәаҭатәуп, еллин ажәа «πολιτισμός» иаанагоит ацивилизациагьы) ҳажәлар ирыларҵәан. Ари аԥсуа икультура аҿиареи азҳареи рзы акырӡа зҵазкуа акы акәны исыԥхьаӡоит.

Ауаатәыҩса ҭоурыхла изхысыз апроцессқәа, лымкаала акультурагьы иадҳәалоу, урҭ ирылакымыз ажәларқәа ирцәыӡыз, ирыгу даараӡа ирацәоуп. Анцәа иџьшьоуп, аԥсуа жәлар урҭ аетносқәа ирхыԥхьаӡалам.

Иахьа зны-зынла иуаҳауеит ацәажәара: изаҳҭахузи егьырҭ ацивилизациақәеи акультурақәеи, ҳара ҳхатәы ҳазхоит ҳәа! Ас еиԥш азнеишьа иашам. Избанзар иахьа аԥсуаа иныҟәаҳго ҳахдырра, ҳкультура, иаҳхатәы мацароуп ҳәа зыгәра ҳго, аиҭабжа ажәытәтәи аҿатәтәи ацивилизациақәеи урҭ идырҿиаз акультурақәеи иҳзынрыжьыз ауп. Абри аилкаара ҳҭахымхар, ԥсыуак иаҳасабала ҳхы ҳдыруа ҳзыҟалаӡом. Ахдырра аныҟамла ԥхьаҟа цашьагьы ҳамаӡам.

Иахьатәи аԥсуа ақалақь иадҳәалоу икультура атәы уҳәозар, абраҟагьы иазӷәасҭар сҭахуп, ииашам ҳәа исыԥхьаӡо знеишьак.

1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рабтәылазы ирхыргаз аибашьра ашьҭахь ақалақьқәа рахь нхара ииасыз ауаа даараӡа ирацәахеит. Уи, ганкахьала, аԥсуа икультура аҿиаразы ибзиоу процессуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аха, ақалақь иазааиз аҿыцнхаҩҵәа ирдыруазороуп: излыҵыз рқыҭақәа ирыдҳәалаз рыбзазашьа, хыхь ҳаззааҭгылаз адгьыл азнеишьа акультура ақалақь аҟны иацаҳҵоит ҳәа ианалагалакь, зхатә ҷыдара змоу, крызҵазкуа ақалақь акультура шыхдырбгало. Саҭамыз, аха ақалақь арахә анануҵа, дгьыл ҽыҭс иубо зегьы ауҭра-сыҭра аналух, унхарҭа қыҭаҵас аҩнқәеи аԥацхақәеи анургыла, уи иаанаго аԥсуа ажәытә қалақь акультура ҳәа акы ыҟаӡамку аԥыхра ауп!

 

Акульти акультуреи

 

Иеицардыруа аԥшьаҩ, атеолог Павел Флоренски (1882–1937) иусумҭақәа руак аҟны абас иазгәеиҭон: «Акультура, аетимологиагьы шаҳаҭра шауа ала, изхылҵуа акульт ауп, даҽакала иуҳәозар, адунеи зегьы акульт акатегориақәа рыла аиҽкаара. Анцәахаҵара (адин) иалнакаауеит акульт, акульт ахаҭа — адунеихәаԥшышьа, уи иашьҭагылани инеиуеит акультура».

Ажәа «акультура» ас еиԥш иҟоу алкаара ахьынӡашьақәырӷәӷәоу аҳәара уадаҩзаргьы, иазгәаҭатәуп хыхь изныкымкәа зыӡбахә ҳҳәаз алатин ажәа «cultura» ишамоу «амҵахырхәара» амҵаныҳәара аҵакы аҭаны.

Уи зхысҳәаауа, анцәахаҵара иаду аҵаси ақьабзи рыҟны аԥсуа икультура иаман иалукааша ахатә ҷыдарақәа. Урҭ зегьы ртәы аҳәаразы уажәы алшара сымам. Акызаҵәык иазгәасҭарц исҭаху абри ауп.

Изакәытә культуроузеи ирымаз аԥсуаа адин ныҳәарақәа, ахныҳәарақәа анымҩаԥыргоз! Шаҟа иацклаԥшны, етика ҳасабла ирԥшӡаны имҩаԥыргоз урҭ рҵасқәа ажәытәан — аҭыԥ алхра аума, аҽеилаҳәашьа аума, афареи ажәреи рыҟны аскетикатә хынкылара иаадырԥшуаз аума.

Иахьатәи сықәгылара сызлалагаз адгьыл азнеишьа акультура алоуп, ус анакәха, уажәы сызлацәажәо атема аартразы, араҟагьы ҿырԥштәыс иаазгар сҭахуп адгьыл аарыхра иадҳәалоу аныҳәара «Ацуныҳәа» ҳәа хьӡыс измоу.

Ари аныҳәара амҩаҧгаразы аҧсуаа иалкаау аҭыԥ ԥшӡак алырхуан. Аныҳәаҩ шәҵатәы шкәакәала (ицқьара аазырԥшуа аԥшшәтәы) деилаҳәазар акун. Аныҳәааран рхы иадырхәоз амыругақәа естетикала ахаҭабзиара рыманы иҟазар акәын, иаҳҳәап: ашәымкьаҭ, аҿа, аирыӡ, аԥҳал ма агәыгәым, агәабалаа, аҳаԥшьа ма аҟәбар, ақәаб, ақәаҭаб хыхга, ажьхы уҳәа егьырҭгьы. Ари аныҳәара мацара акәмкәа егьырҭ аныҳәарақәеи ахныҳәарақәеи раангьы ирфози ишырфози шаҟа иацклаҧшны, иазхәыцны иазнеиуаз: афатә рацәахкыла адгылара ҵасымзт, доусу ихәҭаа ирҭон.

Ҳахәаԥшып нас иахьа ари «Ацуныҳәа» шымҩаԥааго: иаҳшәу иаҳхоу (ԥсуа маҭәак аӡәы ишәӡам, аныҳәаҩгьы дналаҵаны, ԥсуа лабашьак, ԥсуа ҳәызбак аӡәы икӡам), ахацәа, саҭамыз, ирҿыҵаку аҭаҭын (иаанхаз ахәҵәы аԥыр ҳәа иршәны иахьныҳәо аҭыԥ цқьа аҟны инкаҳажьуа), ҳаишәақәа меигӡарахда иқәжьу афатә, зны-зынла зынӡа иузеидымкыло, нас иаанхаз абжеиҳарак  наганы инкаҳажьуа (Анцәа, лахь ҳаумҭан ас аҷыӷь ҳахьазныҟәо!), ҳажәшьа, нас уи иахьакәым ҳкылнаго (ажәеимакра, агәнырхара). Нас абри загьы аԥсуа икультуроуп ҳәа ҳзазҳәома?

Ҳадгьыл ҳнапы анагымха, ҳақалақьқәагьы қәнагала ҳанразнеи, ҳныҳәарақәагьы ишаԥыз ианымҩаԥаага, убасҟан ауп жәларык раҳасабала акультура змоу ҳауп ҳәа аҳәара анҳалшо!

Ҳхы ҳазҵаап, иҳалшома ус аҳәара иахьа?

Аҭак — ҳхы ҳамжьаап, зегьы иаадыруеит…

 

 

Ахыҵхырҭа: Дараҭ (Дбар), архимандрит. Аԥсуа икультура ажәытә ҷыдарақәак // Аԥсны аҟазара, 3 (2020), с. 7–8.