Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Дырмит Гәлиа. Ҳара аҧсацәа ныҳәас иҳамоу иарбан мшу?

Дырмит Гәлиа. Ҳара аҧсацәа ныҳәас иҳамоу иарбан мшу?

Извините, этот текст доступен только на “Abkhazian”.

Аусқәа урызхәыцыр, ҧаса иҟаҵатәуи ашьҭахь иҟаҵатәуи иарбану уцәеилагоит. Ацәаҕәаразы ацә умамзар узлацәаҕәои? Ацә умоуп, аха ацәмаҭәа умамзар узыцәаҕәо? Ацәгьы умоуп, ацәмаҭәагьы умоуп, аха уцәмаҭәа ацәеиха ахамзар узыцәаҕәо? Убарҭ зегьы умазаргьы ацәмаа зкуа дыҟамзар крузыҟаҵо? Убасоуп сара саӡәыкны аусқәа сышрыхәаҧшуа: аусқәа рышьхәақәа еиларсуп, акы ашьақәыргылара уаналагалак, егьи ухамышҭыроуп. Убас ҳара автономиа ҳамоуп; ҳашхазы жәлару зегьы ирдырааит ҳәа ҳҳәоит. Даара ибзиоуп. Ҳдин азы иаҳҳәахьоузеи? Ҳара цқьацәас иҳамақәада? Ныҳәақәас иарбан мшқәоу иҳамоу? Ҳара хазы жәларызар абарҭқәа ҳтахуп. Абри, сара сгәаныла, азхәыцра аҭахуп. Абри аҳасаб ала аус зуа еилырганы измоу ӡәыр дыҟазар, иаамҭоуп шьҭа абри ацәыргара. Аха сара абри ахы анцәырызга, сара сгәы иаанаго ҧыҭк сҳәап. Аҧсны ҧасаӡа ақьырсианра алашара алазгалаз Симон Кананит иоуп (Ҧсырӡха джуп). Убри иоуп аӡәыс ацқьацәа рахь аҧсацәа алашара рылазгала. Иара имшныҳәоуп маи жәаба рзы. Акыс абри амш аҧсацәа рзы ныҳәа дууп. Ҩба – гьаргәаба фба – раҧхьаӡа аҧсышәала аныҳәара аныҟалаз амш.
 
Хҧа –нанҳәа 15– Анцәа дзыхшааз лылацәа аиқәыҧсара амш, ҳара ҳзы ныҳәазароуп ҳәа сыҟоуп – Анцәа иан Аҧсны ҿыхҩыси, хьчаҩыси дахьамоу азы.
Ажәытәтәи ҳуахәамақәа зегьы: Лӡаа ауахәама, Лыхны ауахәама, Мықә ауахәама… Зегьы лара лыхьӡ алоуп излаҟаҵоу. Лыдзаа-ныха (Анцәа дзыхшааз лныха) ожәыгь Гелаҭ иҟами? Уи азы кры анбаҳәатәу? Иаамҭамишь?
 
Дырҩагьых исымоуп исҳәақәаша, аха ожәы саанҵасуоит абри аҿы.