Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Ацқьа Паисиос Афонтәи. Аныҳәара иазку иажәақәа

Ацқьа Паисиос Афонтәи. Аныҳәара иазку иажәақәа

Аныҳәара – Анцәа иҿцәажәароуп
 
Бзазара рымоуп
Жәҩантәи Астанциа иаҿцаауа зегьы
 
Абырг шәхацкы, шәара шәзы аныҳәара иаанагои?
 
– Адырра дәықәысҵоит, ацхыраара саҳәоит. Қьырса иҟнытә, Иԥшьаӡоу лыҟнытә, Ацқьацәа рыҟнытә иааиԥмырҟьаӡакәа ацхыраара саҳәоит, схазгьы, егьырҭ рызгьы. Сырмыҳәар, исырҭараны иҟаӡам.
 
Исгәалашәоит, апартизантә еибашьраан иҳакәшаны амацәаз ҳҭаркит зқьи фышәҩык ахацәа. Ҳара шәи ԥшьынҩажәаҩык ҳауп иҟаз, ашьха нхыҵ ахырҕәҕәарҭа ҟаҵаны ҳтәеит. Ҳаркызҭгьы, зегьы ҳаршьуан. Сара антенна ықәсыргыларц салагеит ацентри ҳареи аимадара ҳабжьаҳҵарц азы. Аха акгьы алымҵит: аиҿахысра антенна ҿахнаҵәон. Акомандаҟаҵаҩы ҿиҭит: «Уи уаҟәыҵ; ара уааи, усыцхраа артҟәацгақәа зҭоу ашәындыҟәра рҳәазаны иаҳгароуп». Уи ҳахьынӡаҿыз акаԥдан дцо – даауа апулемиот дахылаԥшуан. Уахь данцалак, саргьы еиҭа сыҩуан арациахь. Акаԥдан адҵақәа риҭонаҵы, антенна ықәсыргыларц сеиҭалагон, нас сеиҭацахуан сицхраарц, дысмацәҳарц азы. Аҵыхәтәан, ажыгеи лабаки схы иархәаны антенна ықәсыргылт, аимадарагьы ҳабжьалеит. Исҳәеит ҩбаҟа ажәагьы. Абри азхеит! Ашьыжь авиациа ааит, ҳагьеиқәнархеит. Имариазма, зқьи фышәҩык зыкәшаны иҟаз шәи ԥшьынҩажәаҩык ауаа реиқәырхара?
 
Абри ахҭыс ашьҭахь еилыскааит закәытә дҵа ду амонах иду – уи ныҳәарыла иҟаиҵо ацхыраара ауп. Ари знапы алакым ауаа: «Изҿуи мшәан, амонахцәа? Ауаа ахьыҟоу инеины изырмыцхраауеи?” – рҳәоит. Абас, арациа зку ауаҩы «Иазууеи арациа? Урациа кажьны абџьар шьҭых, уеибашьы» ҳәа иоуҳәар иаҩызоуп.
 
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу астанциақәа зегьы ҳаҽрымаҳдаргьы, изакәызаалак аказы иҳахәом, жәҩанынтә Анцәеи ҳареи аимадара ҳамамзар, аиҿцаара ҳабжьамзар, ҳиҳәалартә, Иара иҟнытә ацхыраара ҳаурц азы. Бзазара рымоуп Жәҩантәи Астанциа иаҿцаауа зегьи, «сетлагьы», ҳаҭырқәҵарала, Анцәа идҳәалоу зегьи.
 
Қьырса ҳиҿцәажәаларц азы
алшара ҳаиҭоит
 
– Абырг шәхацкы, сылахьеиқәҵареи схьааи зыдҳәалоу аныҳәара азҵаара оуп. Абри аус аҟны акырӡа схьысҳахеит. Иҟасҵарыи?
 
– Бахьыҟазаалакгьы, бышиашоу Қьырса иахь, Иԥшьаӡоу лахь, Амаалықьцәа рахь, Ацқьацәа рахь бхы рханы иҳәала иаабҭаху зегьы. «Иа Қьырса» – ҳәала, «Иа Иԥшьаӡоу» – ҳәала. «Сгәалаҟазаара Шәара ижәдыруеит. Шәсыцхраа сара!» – ҳәала. Абас иаармарианы, ицәыргацәамкәа есқьынгьы бзыргәаҟуа зегьы Дара ираҳәала, анаҩсангьы иҳәала абри аныҳәаԥхьыӡ: «с-Аҳ Ду Иаса Қьырса, срыцҳашьа сара».
 
– Абырг шәхацкы, схәыцрақәа еидкыланы сызныҳәаӡом.
 
– Бынныҳәо бзацәажәо дызусҭоу базхәыцла. Анцәа иоуп бзацәажәо! Ари иаҵанакуа маҷума? Џьара аӡәы акрызылшо чынуаҩык даниацәажәо шаҟа дашьклаԥшуазеи ииҳәо! Игәы иҽануп гаӡарак иамхамҳәарцазы, иҟалоит зны-зынла дыҧхашаьаны ииҳәо аниҿамшәогьы. Еҳ, џьара аӡәы даниацәажәо абри аҟара зхы иашьклаԥшуа ауаҩы, шаҟа иеиҳаны игәы иҽанызароузеи Анцәа даниацәажәо? Бахәаԥш, ахәыҷыцәҟьа заб, ма зықәра ыҟоу аӡәы диацәажәарц азы иҿанынеихалак, шаҟа дыԥхашьа-ԥхаҵуо днеиуа. Маҷк дагьзыцәшәо ирҵаҩы диацәажәараны дыҟазар, зынӡа дӡыҭуа дизааигәахоит. Уажәы ҳара ҳакәзар зыӡбахә бымоу, Иара Анцәа Ихаҭеи, Иԥшьаӡоу Мариеи, Ацқьацәеи ирацәажәо, нас абри ҳзеилымкаауа ҳаҟоума?
 
– Амонасҭыр ахь сааианӡа, Абырг шәхацкы, «Монахизмос» ҳәа изышьҭоу аныҳәара акәын издысҳәалоз. Аха уажәы аныҳәара сцәыуадаҩхеит, уи зегьы реиҳа ихьанҭоу, узырааԥсо акоуп ҳәа исыԥхьаӡогьы салагеит.
 
– Бара бфилологӡами? Ацәажәара бгәаԥхоит, ус ами, багьааԥсаӡом ауаа банрацәажәо. Аха Қьырса, бара бацәажәара зхы иаҭәазшьаз, иацәажәара, ибымбои, баараԥсоит, иуадаҩушәагьы бгәы иабоит. Ас еиԥш ҟалашаьас иамоузеи? Ари, «ҳаиҭ, абаа, уажәы сцахроуп аҳ иацәажәаразы. Ацарагьы сеилаҳауам, аха иҟасҵари? Сцап.» ҳәа, – аӡәы иҳәа иаҩызоуп. Қьырса иааиҧмырҟьамӡакәа ныҳәарала Иара иҿцәажәаразы алшара ҳаиҭеит, нас ҳара уи ҳҭахымкәа ишԥаҟалеи? Ари уамашәа иубартә иҟоуп! Иџьоушьаша, Иара иҭахуп ҳиацәажәаларц, ацхыраара ҳаиҭарц азы, ҳара уи ҳацәаашьоит!
 
– Абырг шәхацкы, лассы -лассы баша ацәажәара саланагалоит, нас уи хьаас исҭышьхуеит.
 
– Иаҳа иеиӷьӡами Қьырса биацәажәалар? Дарбанзаалак Қьырса иацәажәо, уи дунеихаан дахьхәраны дыҟаӡам. Ибашоу, иҭацәу ацәажәара, аиашазы доуҳатә чымазароуп, аха иақәнагоу адоуҳатә хархәара аиур, иусцхырааганы иҟалар алшоит аныҳәаразгьы. Иҟоуп даҽашьоукых, иара ацәажәарагьы сцәыхьанҭоу. Бара ацәажәаразы ҩныҵҟала амчгьы бымоуп, агәазыҳәарагьы. Ари ишақәнагоу доуҳала бхы ианабырхәа, быԥсы арыцқьоит. Ауаа банрацәажәо зыда хәарҭа ыҟам аҳәара мацара башьҭаз, егьи абжьараан Қьырса биацәажәала. Хышьҭымхрада Иара иацәажәара баналагалакь, быкәша-мыкәша иҟоу, имҩаҧысуа базҿлымҳахаӡом, убри аҟара аинтереси ахаареи аҵалоит ари аиҿцәажәар. Сара схаҭагьы сдырааԥсоит ацәажәарақәа, дара адоуҳатә еиҿцәажәарақәа ракәзаргьы, аныҳәара акәзар аԥсеивгара дууӡа снаҭоит.
 
Аныҳәара – Анцәа иҿцәажәароуп. Зны-зынла бзазаара ду рыдызбалоит Қьырса ихаан инхоз ауаа, избанзар Қьырса Ихаҭа дырбон иагьизыӡырҩуан, алшрагьы рыман Иара иацәажәаразы. Аха, ҳара ҳҭагылазаашьа иаҳагьы иеиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар Қьырса ихааныз ауаа уиаҟара аамҭа имхрарылшомызт, ҳара ҳакәзар, ныҳәарала есқьынагьы Иара иацәажәаразы алшара ҳамоуп.
 
Аныҳәаразы аҿажәкра
 
– Абырг шәхацкы, аныҳәара шԥахәҭои?
 
– Хәыҷҵас, Анцәагьы Абык иеиԥш, ибыгу зегьы рзы биҳәала. Абасеиԥш ала Анцәа биацәажәалар, нас Иара иԥырҵра бҭаххаӡом, избанзар дызусҭазаалак Анцәа иҿы ауп ахыхьчарҭа, агәыхаршҭра, инцәатәу аԥшқара зцу ҳәашьа змам абзиабара ахьиоуа.
 
Аныҳәара – ари Қьырса ҳгәаҵан иҭагалара оуп, ҳазлаҟоу зегьы рыла Иара ибзиабара оуп. «Бзиа дба у-Аҳ Ду Анцәа угәы зегьы ала, уԥсы зегьы ала, умч зегьы ала, ухшыҩ зегь ала» , – аҳәоит Аҩыра Цқьа. Ауаҩы Анцәа бзиа дбаны иҿцаара даналагалак, адгьыл иатәу зынӡа акы дыхнахуам. Зхы еилагаз аӡәы еиԥш дҟалоит. Ахеилага иреиӷьӡоу амузыка изаҿакы: игәарԥшаараны иҟаӡам. Ирба иреиӷьӡоу асахьаҭыхымҭақәа: зынӡа хьаасгьы икуам. Иҭ иреиӷьӡоу афатә, иреиӷьӡоу амаҭәа, иреиӷьӡоу адухьқәа: зегьы изеиҧшуп, ихшыҩ ахьыҟоу идуени аҟны ауп. Абас иҟоу ауаҩы диҩызоуп дызусҭазаалак жәҩантәи адунеи иаҿцаауа, уа дадҷаблоит, зынӡа акалагьы дузадгараны уҟаӡам. Зхәыҷы дызгәыдыҳәҳәалоу ан лхәыҷы лыдхышьа шимам еиԥш, аныҳәара аҵакы иеилызкааз ауаҩы аныҳәара иаҟәгара улшараны уҟаӡам. Цәаныррас имоузеи ахәыҷы иан дылгәыдыҳәҳәаланы данылку? Анцәа иҭаара знырхьоу, убасҟан хәыҷҵас зыхгьы збо иоуп абри аилкаара зылшо.
 
Сара издыруан ианныҳәоз ахәыҷқәа реиԥш зхы збоз уаа. Урҭ анныҳәооз џьара аӡәы маӡала дырзыӡырҩыр, арҭ хәыҷқәоуп иҳәар илшон. Рхымҩаҧгашьа ибазҭгьы, арҭ зынӡа рыхшыҩ цазаап! – иҳәарын. Ахәыҷы дыҩны днеины иаб имахәар кны: «иҟоуҵараны иҟоу сыздыруам, аха сара сызуҳәо ҟоуҵаруп» – ҳәа зҳәаз, ҩба шилам, игәы шҭыӷьҕьаау еиԥш, убас иаахтны Анцәа иҳәоит хыхь зыӡбахә сҳәаз ауаагьы.
 
– Абырг шәхацкы, аиҿцаареи агәхаршҭреи гәаныла, цәаныррала уанрызгәаҟәуа иир алшома аныҳәара?
 
– Цәаныррала Анцәа изгәаҟра аныҳәара аҭахра арҿиозар, уи бааҧсума? Амала, иубартә иҟоуп, бара аныҳәара шыбхашҭуа, иара ада ԥсыхәа анбымам ауп банашьҭало. Ҳәарада, Анцәа иеиуеиҧшым амамзаара, ауадаҩрақәа ҳазрықәиршәо, Иара лассы Иара иахь ҳаццакны ҳнеирц азоуп азы, аха иаҳа иеиӷьми ахәыҷы иаб ма иан данрышьҭоу абзиабара иманы дрышьҭазар. Бхаҿы дыбзаагару хәыҷык, дызхылҵыз шаҟа бзиа дырбо здыруа, изгәыҵасны иани иаби дыргәыдрыҳәҳәаларц азы мчыла дара рышҟа ирышьҭуа ?
 
Анцәа згәы ҧшқоу Абуп, бзиагьы ҳаибоит. Убри аҟнытә ҿажәкраҵас аныҳәара аамҭа анбааиуеи ҳәа ҳазыҧшызароуп, Иара иацәажәаралагьы гәырҭәышьа ҳамамзароуп.
 
Аеллинтә бызшәаҟынтә иеиҭеигеит
Архим. Дараҭ (Дбар)