Ацқьа Иуана Аӡӡаахҩы иира аушьҭыгатә тропа́рион, 4-тәи абжьы
Қьырса иаара (паруси́а) / Аԥшҩи Аԥхьагылеи [уара], / ишақәнагоу убзырӡы аҳәара / ҳалымшозаргьы, / згәышьра́ла ухьыӡ ҳшьоит; / избанзар хьӡи-ԥшеи змоу, иԥшьоу уирала / ахшара дзауыз лыхшарадареи / аб иҿаҳареи / ԥыртлахеит, / Анцәа Иԥа ижьрагьы / адунеи (ко́змос) иахы́рҵәахеит.
Ацқьа Иуана Аӡӡаахҩы иира иконда́кион (иқандақь), 3-тәи абжьы
Уанӡа ихшарадаз / иахьа Қьырса Иаԥхьагыла дылхылҵуеит, / иаргьы / – аԥааимбарцәа рыла иҳәаз зегьы / рынаӡара иоуп; / избанзар аԥааимбарцәа зыӡбахә рҳәахьаз, / Уи Иордан [аӡы] аҿы / напиқәҵаны, / дцәырҵит Анцәа Иажәа / аԥааимбарс, аларҵәаҩыс, / убасгьы Аԥхьагылаҩыс.
Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии