Ацқьацәа ирхыԥхьаӡалоу ҳаб Иуана, Константинополис аԥскәабазхада, Ахьҿы,
Қьырса, ҳ-Анцәа, хьыӡ ду змоуи, иԥсҿыхгоуи аԥсцәа рахьтә игылара амшцқьеи,
амшлашеи аҽны ииҳәаз ихшыҩрҵагоу иажәа.
Анцәа қәнагалеи гәыкалеи изыҟоу далачааит ари аныҳәа ԥшӡеи аныҳәа лашеи. Абзиа хәыцра зманы иҟоу атәы гәахәарала дазааиааит и-Аҳ Ду игәырӷьара. Чгарала аџьабаа збаз, уажәы далачааит џьабаала ирҳаз. Аԥхьатәи асааҭ инаркны аус зуыз идикылааит иахьа иқәнагоу аџьаԥса. Хԥа рышьҭахь иааизгьы, гәахәарала аныҳәа даԥылааит. Фба рышьҭахь иахьӡазгьы, изакәызаалак гәыҩбара имоуааит, избанзар уигьы акы ицәыӡраны дыҟаӡам. Жәба рызгьы иагхазгьы, уигьы зынӡа лакҩакрада дааиааит. Жәеиза рзы иахьӡазгьы, имццакразы дымшәааит, избанзар ҳ-Аҳ Ду, гәыҭбаарыла иҟоу, аҵыхәтәантәи аԥхьатәи еиԥш дидикылоит: жәеиза рзы иааизгьы, асааҭ акы инаркны аус зуыз иеиԥш иԥсы ииршьоит; аҵыхәтәан иааизгьы дрыцҳаишьоит, аԥхьа иааизгьы дихылаԥшуеит; уигьы ииҭоит, ари изгьы акы деигӡаӡом; аусқәагьы идикылоит, агәҭакгьы деигәырӷьаны даԥылоит; аҟаҵагьы ахә ишьоит, ахықәкгьы ирҽхәоит. Абасала ҳ-Аҳ Ду игәырӷьара шәазааи зегьы. Аԥхьа иааизгьы урҭ рышьҭахь иааизгьы шәџьаԥса шәалача. Акыр змоугьы измамгьы зегьы шәеицгәырӷьала. Зыҽнызкылази акы хьаас измамзгьы ари амш шәшьа. Ичгозгьы имчгозгьы шәгәырӷьала иахьа. Аишәа ҭәуп — зегьы шәча. Ацәҵыс-шьтәа дууп, аӡәгьы дымлашьуа дымцааит. Зегьы шәалача анцәахаҵара ачара-жәра; зегьы шәалача ибеиоу Анцәа ибзиара. Аӡәгьы уаҳа имамзаара дахьымҵәыуааит, избанзар уажәы лабҿабахеит зегьы иеицарзеиԥшу Анцәа Иаҳра. Аӡәгьы уаҳа ихьааимгааит гәнаҳала ишьацәхнысларақәа, избанзар адамра аҟнытә иҭыҵлашеит анажьра. Аӡәгьы уаҳа аԥсра дацәымшәааит, избанзар уи аҟнытә ҳхы ҳақәиҭнатәит Ҳҿыхыҩ иԥсра. Аԥсра аԥызхызгьы, иара аԥсра анапаҿы иҟаз Иоуп. Џьаҳанам аҳәаҭҳа ахызхызгьы, иара џьаҳаным иазылбааз Иоуп. Аҿы ашахеит, Ицәеижь агьама збаз.
Исаиас, ари иҟалашаз збахьаз, дҵәааит: «Џьаҳаным, — иҳәеит иара, — иазышахеит быжьрабыжьҵәа Ианиқәшәа».
Иазышахеит, избанзар иаԥыхын.
АЖӘЛАР: Иазышахеит!
Иазышахеит, избанзар хьымӡӷы агеит.
АЖӘЛАР: Иазышахеит!
Иазышахеит, избанзар аԥсра иақәыршәан.
АЖӘЛАР: Иазышахеит!
Иазышахеит, избанзар имчыдахеит.
АЖӘЛАР: Иазышахеит!
Иазышахеит, избанзар ишьаҳахеит.
АЖӘЛАР: Иазышахеит!
Ацәеижь аднакылан, аха иазыԥшӡамкәа Анцәа иқәшәеит.
Адгьыл аднакылан, аха ажәҩан иақәшәеит.
Иабоз ацәеижь ауп иаднакылаз, аха иамбоз Анцәа аҟнытә икаҳаит.
Иабаҟоу, аԥсра, ушҳам? Иабаҟоу, џьаҳаным, уиааира?
Қьырса аԥсцәа рахьтә дгылеит — уаргьы уаҵархан.
АЖӘЛАР: Қьырса Дгылеит!
Қьырса аԥсцәа рахьтә дгылеит — аҩсҭаацәагьы каҳаит.
АЖӘЛАР: Қьырса Дгылеит!
Қьырса аԥсцәа рахьтә дгылеит — амаалықьцәагьы гәырӷьоит.
АЖӘЛАР: Қьырса Дгылеит!
Қьырса аԥсцәа рахьтә дгылеит — аԥсҭазаарагьы аҳра ауеит.
АЖӘЛАР: Қьырса Дгылеит!
Қьырса аԥсцәа рахьтә дгылеит — ԥсыкгьы адамра аҟны днымхеит.
АЖӘЛАР: Қьырса Дгылеит!
Избанзар Қьырса, аԥсцәа рахьтә игылаз, иԥсыз зегьы ргылара лагамҭаны даиуит.
Имазааит Иара ахьӡ-аԥшеи амчреи наунагӡа. Амин.
Перевод с др.-греческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии