Иаса Қьырса иҽеиҭакра агәалашәара иазку амшныҳәа
(Нанҳәа 6/19)
Аушьҭыгатә тропарион
Ашьхаҿы уҽеиҭаукит Қьырса Анцәа,
уҵаҩцәагьы улыԥха дурбеит, абара ахьынӡарылшоз.
Ҳаргьы, гәнаҳазмоу, иҳазкаԥхааит Улашара, наунагӡа иҟоу,
Нцәадзыхшаз лныҳәаԥхьыӡла;
Алашараҭаҩ, иумаз ахьӡ-аԥша!
Акондакион
Ашьхаҿы уҽеиҭаукит,
уҵаҩцәагьы иахьынӡарылшоз,
улыԥха, Қьырса Анцәа, иашьклаԥшуан,
избанзар, аџьар укыдны уара уанырбалак,
иеилыркаарц ухатәгәаԥхарала ишыҟалаз угәаҟра,
адунеигьы иахдырҵәарц,
иҵабыргыҵәҟьаны уара Уаб иныҷҷо лашараны ушыҟоу.
Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар).
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии