Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Дараҭ (Дбар), архимандрит. Ашәҟәыҩҩы Валентин Дбар (1948–2010)

Дараҭ (Дбар), архимандрит. Ашәҟәыҩҩы Валентин Дбар (1948–2010)

Дараҭ (Дбар), архимандрит. Ашәҟәыҩҩы Валентин Дбар (1948–2010) / Дбар В. Г. Аҩымҭақәа: ажәабжьқәа. Аҟәа: Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2019. — Ад. 3–10.

Аннотациа: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аҟны иҭыҵит ашәҟәыҩҩы Валентин Дбар (1948–2010) иҩымҭақәа реизга. Аизга (576 даҟьа) ианылеит абаҩхатәра змаз, адедективтә жанр ала аҩымҭақәа аԥызҵаз В. Дбар иалкаау иажәабжьқәа. Ашәҟәыҩҩы изку аԥхьажәа иҩҩит архимандрит Дараҭ (Дбар). Валентин Дбар еиҧш адедективтә жанр ала аус зуаз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа маҷуп. Уи иажәабжьқәа ирныҧшит асоветтә аамҭазтәи аусҭҵааҩцәа рҧышәа, ари аҧышәа ҳажәлар рмилаҭтә хдыррагьы ҳасаб шазуыз убартә иҟан. Убри инаваргыланы, ара иуҧылоит аоперативтәи аусҭҵааратәи усура аҧсышәала амҩаҧгараан иаҭаху атерминологиагьы.

Архимандрит Дараҭ (Дбар),

аҭеологиа адоктор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт

Аҭоурыхтә ҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы

Ашәҟәыҩҩыапрозаик Валентин Дбар (1948–2010 шш.)[1]

Валентин (Витали)[2] Дбар диит 1948 ш. лаҵарамза 1 азы[3] Аҧснытәи АССР Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан, анхаҩы — Григори (Грышьа) Николаи-иҧеи Дбар (1919–1991 шш.)[4]  Арда (Ардучка) Дауҭ-иҧҳаи Чамагәуаҧҳа (1922[5]–2012 шш.) рҭаацәараҿы. Валентин идагьы Григории Ардеи ҩыџьа аҧацәа рхылҵит: Рудольфи[6] Гивии[7].

1966 ш. Валентин Ганҭиадатәи (Цандрыҧшьтәи) ашкол-интернат № 1 аҟны аа-класск дрылгеит. Анаҩс, К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҟны иҵара иациҵеит, уи далгеит 1968 ш. Убри ашықәсан А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, афилологиа-педагогикатә факультет дҭалоит. Аинститут аҟны иҵара хиркәшоит 1972 ш.[8]

1972 ш. абҵарамза инаркны 1973 ш. цәыббрамзанӡа Мурмансктәи аобласт  Североморск ақалақь  Асовет ар рыҟны арра-мшынтә мчқәа рҿы аррамаҵура дахысуан.

1974 ш. Аҧснытәи аобком Ленинтәи акоммунисттә ҿар реидгыла абжьгарала Аҧснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа (ААР) рахь аусуразы ддәықәҵан. 1974 ш. ажьырныҳәамза инаркны 1982 ш.-нӡа — Гагратәи ақалақьтәи аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә ҟәша апрофилактика ауада аинспекторс дыҟоуп. 1982 ш. ажьырныҳәамза инаркны 1983 ш. нанҳәамзанӡа — Гагратәи аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аконтрол-транспорттә-аужьратә пункт аиҳабыс дамоуп. 1982 ш. аҧышәаиура дахысит СССР Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа иреиҳаӡоу ашкол Карагандинск ақалақь аҟны (Аказахтә ССР). 1983 ш. инаркны Асоветтә социалисттә коммунисттә партиа далоуп. 1983 ш. нанҳәамза инаркны 1991 ш. -нӡа — Гагратәи Аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә ҟәша аҩышьра алыргаразы амедицинатә ҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Убри аан агәыҧ № 5 анапхгаҩыс дыҟоуп Гагратәи аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә ҟәша анапхагараҭаратә еилазаара аиҳабыра змами аиҵбыратәии анапхгаратә еилазаара апартиатә ҵара аҟны, иара убас Гагратәи Аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә ҟәша  арҵаҩцәа рхантәаҩыс. 1991-1992 шш. — Гагра араион аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҟны амилициа ахьчара аҟәша акомандаҟаҵаҩыс дыҟоуп. 1992-1996 шш. — Гагра араион аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҟны амилициа Бзыҧтәи аҟәша аҷаҧшьаратә хәҭа аоперативтә усзуҩуп [9]. 1996 ш. амилициа амаиор имаҵураҿы дшыҟоу тәанчара дцоит.

Валентин Дбар изнымкымкәа ламысцқьала иусуразы Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа анапхгара аџьшьарақәа ирҭахьан. Ианашьан «Вбада амаҵуразы III аҩаӡара» амедал,  агәышҧ дырга «ААР», иара убас амаҵураҟны имаз аихьӡарақәа рзы аџьшьарақәа.

Иаамҭаӡамкәа иҧсҭазаара далҵит 2010 ш. мшаҧымза 28 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иаб инхараҿы Џьырхәа ақыҭан.

Валентин Дбар асахьаркыратә рҿиамҭақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз.1966 ш. ажурнал «Амцабз» аҟны икьыҧхьын раҧхьатәи иажәеинраала «Сышкол»[10]. 1967 ш. Аҧснытәи АССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь днаҧхьан, абра апрозаҿы ухы аҧышәара уалага ҳәа иабжьыргеит. Абри инаркны ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Апионер»[11], иара убас агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Сабҷота Абхазеҭи», «Советскаиа Абхазиа», «Бзыԥ», «Авангард» рыҟны лассы-лассы иркьыҧхьуа иалагеит  иажәабжьқәа, иповестқәа, иочеркқәа, истатиақәа[12].

1971 ш. Валентин Дбар, Аҟәатәи апедагогикатә институт аҟны аҵара аниҵоз, Аҧсны иҭыҵуаз алитературатә журнал хада «Алашара» аҟны икьыҧхьуеит раҧхьатәи илитературатә аҧҵамҭа «Ӡызлан». Ари акьыҧхьымҭа аҧхьажәаҟны ажурнал «Алашара» аредактор хада ашәҟәыҩҩы Ҷ. Џьонуа (1915-1975 шш.) иазгәеиҭон: «Иахьатәи аԥсуа литература унагәылаԥшыҵәҟьар, ааԥынра излеиԥшу рацәоуп. Уи амӡырха ҭбаахеит, иԥшӡахеит: еиуеиԥшым ашәҭхкқәа хха-ххаӡа ана-ара адәырха иаақәгылазшәа, илахҿыххеит ашәҟәҩҩыцәа рҭаацәара. Аӡәаӡәала, ҩыџьа-ҩыџьала ҳлитература агәараҭа иҭало иалагеит ажәабжьк мамзаргьы ажәеинраалак ада зымҩыцгьы. Урҭ цәырҵуеит раԥхьаӡатәи рҩымҭа хәыҷқәа ргәыдкыланы, ҿыц аныҟәара иалагаз асаби иаҳасабала, иеигәырӷьаны иҟарҵаз ашьаҿа иацәшәа-цәыԥхашьауа. Абас ицәырҵыз дреиуоуп М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт астудент Дбар Валентин. Ажурнал “Алашара” аредакциахь уи раԥхьаӡа акәны иааигеит “Ӡызлан” ҳәа хьӡыс иаҭаны ажәабжь. Ажәабжь сара снапы иҵысхит сгәы иахәаны. Ахгьы-аҵыхәагьы, аҩымҭа иалоу аҿар рдунеи ккаӡа уалаԥшуеит, рхы мҩаԥыргоит рықәра ишаҵанакуа. Ируа-ирҳәо агәра угоит. Даҽакала иуҳәозар, дара рхатәы мҩа иануп. Мҩамш уқәлааит, дад, Валентин! Ухатәы мҩа уаныла уаргьы. Ашәҟәыҩҩы имҩа — шьхацага мҩоуп. Аха ахра ҿҟьарсҭа икыдло ашәарыцаҩ зегь рыла дуаҩы еибагазароуп, уи имазароуп агәы бзиагьы, — агәаӷьрагьы!»[13].

1979 ш. анцәамҭазы ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны иҭыҵит Валентин Дбар аҧсышәала ииҩыз раҧхьатәи иажәабжьқәа реизга «Раҧхьаӡатәи ааҧын»[14]. Уи ианылеит ажәабжьқәа: «Раҧхьаӡатәи ааҧын», «Напы зҵаҩмыз ашәҟәы», «Ӡызлан», «Алаҧшь».  Ажәабжь «Напы зҵаҩмыз ашәҟәы» — амилициатә усҭҵаара иазкуп. «Алаҧшь» — Кунцал Ашәба ҳәа анацисттә концлагер абаандаҩык иҧсҭазаараҟнытә хҭыск иазку ажәабжьуп.

Ашәҟәыҩҩы қәыҧш В. Дбар раҧхьатәи ишәҟәы аҭыҵра зегьы иеицгәарҭеит. 1980 ш. агазеҭ «Советскаиа Абхазиа» аҟны уи иазкны икьыҧхьын «Аҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа уасыхрс иазышьҭоу» захьӡу анҵамҭа. Иара автор, усҟан Аҧсны арадио акорреспондент И. Хәарцкьиа, иазгәеиҭон: «Шықәсқәак раҧхьа ажурнал “Алашара” аҟны икьыҧхьын ашәҟәыҩҩы  Валентин Дбар иажәабжь — “Ӡызлан”. Уамашәа иубартә ақәҿиара аиуит адебиутант иусумҭа:  иалацәажәо иалгеит. Убри инаркны ажурналқәа “Алашара”, “Амцабз”, агазеҭқәа “Аԥсны ҟаԥшь”  ирҿиамҭақәа рныло иалагеит. Убас аҭыжьырҭа “Алашара” аҟны иҭыҵит ашәҟәыҩҩы қәыпш иажәабжьқәа реизга “Раҧхьатәи ааҧынра”. Аҿыгҳара рацәак ишдумызгьы, ҧшь-жәабжьк зну ари ашәҟәы, аҧсуа прозаҿы абаҩхатәра змаз, даҽакы иаламҩашьо, зхатә ҟазшьа змаз ашәҟәыҩҩы ҿыц дцәырҵит»[15]. Алитературатә критик Руслан Қапба Валентин Дбар раҧхьатәи ишәҟәы анализ азуны астатиа ду иҩит[16]. Уи, ҷыдала, иазгәеиҭеит ажәабжь «Напы зҵаҩымз ашәҟәы» «аԥхьаҩ агәра инаргоит адетективтә жанр аҿы Валентин Дбар алшара бзиақәа ааирԥшыр шилшауа (ҳәа — авт. иҟн.[17].

1981 ш. иҭыҵит аҧсышәала ажәабжьқәа аҩбатәи реизга «Ашәҭқәа анпытуа»[18]. Ари аизга иагәылалеит шьҭа жәеиза ажәабжь: «Ната», «Ашәҭқәа анпытуа», «Наалеи, аҧхынреи, сареи аҽа ҧыҭҩыки», «Ибзиоуп», «Ашьабысҭа», «Иҧхьаӡоу амшқәа», «Имгәыҕкәа иҧсхьада?», «Аҧсҭазаара азықәҧара», «Аҧсыӡшьра», «Ақәнага ақәшәара», «Амшын ҿықә амаӡа». Аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа ҩба рсиужетқәа еиҭа амилициатә усҭҵаарақәа ирыдҳәалоуп. Ари аизгаҟны зегьы ирылукаартә иҟоуп  ажәабжьқәа «Ашьабысҭа», «Имгәыҕкәа иҧсхьада?».

1984 ш. иҭыҵит изаамҭанытәиу ахҧатәи аизга, аҧсышәала аповестқәеи ажәабжьқәеи еидызкылаз ашәҟәы «Иҭахаз шаҳаҭра изуам»[19]. Уи ианылеит абарҭ ажәабжьқәа: «Бзиабарак аҭоурых», «Анацәаҭыҧ», «Иҭахаз шаҳаҭра изуам», «Гәымшәа», «Ашәҭ ҳамҭас», «Амашьына агьежьқәа аҵӡаауан…», «Ашьаҟьар», «Ауалҧшьа», «Каршә». Аҧхьатәи аф-жәабжьк еиҭа иеиуеиҧшым амилициатә усҭҵаарақәа ирызкын, Валентин Григори-иҧа егьырҭ идетективтә жәабжьқәа рыҟнеиҧш, араҟагьы фырхаҵа хаданы далоуп «Шараҭ Амҧар». Ажәабжь «Ашьаҟьар» жәеиза хәҭа рыла ишьақәгылоуп, Аҟәатәи апедагогикатә институт астудентцәа «Дауҭи» «Тера Аинырбеи» рыбзиабара аҭоурых атәы аҳәоит.

1987 ш. инаркны Валентин Дбар Аҧсныи СССР-и Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи далалоит.

1990 ш. иҭыжьын Валентин Дбар аҵыхәтәантәи иажәабжьқәа реизга «Иаанкылоу асалам шәҟәы»[20]. Уи ианылеит адетективтә жәабжьқәа жәба: «Аҿымҭра зыхҟьаз…», «Иаанкылоу асалам шәҟәы», «Атәым хьаа», «Анапынҵа», «Инамӡаз агәҭыха», «Аҭәаҟәа иалашәаз агәыр», «Ҵхыбжьонтәи агага», «Згәы иаанагодаз», «Азеимаак».

В. Дбар раҧхьатәи ишәҟәы аҟны ажәабжьк мацара акәызҭгьы амилициатә усҭҵаарақәа ирыдҳәалаз, аҵыхәтәантәи аҟны ажәабжьқәа зегьы адетективтә жанр ала иҩуп. Валентин Дбар еиҧш абри аганахьала аус зуаз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа маҷуп. Уи иажәабжьқәа ирныҧшит асоветтә аамҭазтәи аусҭҵааҩцәа рҧышәа, ари аҧышәа ҳажәлар рмилаҭтә хдыррагьы ҳасаб шазуыз убартә иҟан. Убри инаваргыланы, ара иуҧылоит аоперативтәи аусҭҵааратәи усура аҧсышәала амҩаҧгараан иаҭаху атерминологиагьы[21].

В. Бигәааи В. Аҧҳазоуи авторцәас измоу абиобиблиографиатә жәар «Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа» аҟны В. Дбар изку аҟәшаҟны иазгәарҭоит ирҿиамҭақәак макьана ишҭыжьым, урҭ рхыҧхьаӡараҟны ишыҟоу ароманқәа ҩба[22]. Гиви Дбар иҳаиҭаз аҭаацәа рархивтә материал аҟны иҳаҧшааит адедективтә роман «Иҭырҟьоу атапанча апатрон…» амашьынакьыҧхьтә напҩымҭа (303 д.)[23]. Убарҭ рнаҩс Валентин Дбар иҧсы анҭаз иажәабжьқәак алкааны аурысшәахь иеиҭаганы акьыҧхь иазирхиахьан[24].

 

[1] В. Дбар ибиографиа аиқәыршәаразы ҳҳы иаҳархәеит Аҧсны аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акадрқәа рыҟәшаҟны иҵәаху ихатә усшәҟәы аҟнытә аматериалқәа (Аҟәа ақ, Академик Марр имҩа, 35), иара убас Гиви Григори-иҧа Дбар иҭаацәаратә архив аҟнытә аматериалқәа.

[2] Атәылауаҩшәҟәи ихаҭара зырҵабыргуа егьырҭ аофициалтә документқәеи рыҟны Витали ҳәа дарбоуп. Валентин — литературатә ҧсевдонимуп, уи иажәабжьқәа анҭыҵ нахыс ихьыӡхалахеит. Иҟалап, аҩбатәи ихьӡ ахархәара Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟны иусура иадҳәалазар.

[3] 1982 ш. жьҭаарамза 20 рзы ииҩыз иавтобиографиаҟны, иира арыцхә ҳәа иарбоуп мшаҧымза 25. Ари арыцхә ҳҧылоит егьи, 1983 ш. иеиқәиршәаз инапҩыратә автобиографиаҿы.

[4] Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа далахәын, ианашьан «Аџьынџьтәылатә еибашьра» аорден.

[5] Иеиуеиҧшым аамҭақәа раан В. Дбар ииҩыз автобиографиақәа рҿы иан лира ашықәс ҳәа иарбоуп 1925 ш.

[6] Диит 1950 ш., XX ашә. 80-тәи ашықәсқәа рзы Москватәи аобласт аҟны Лиуберцы дынхоит, дҭаацәароуп, ахшара имоуп.

[7] Диит 1953 ш., Пицундатәи автобаза № 13 амашьынаныҟәцаҩыс аус иуан, дҭаацәараӡам, Џьырхәа ақыҭан дынхоит.

[8] Ихатәы бызшәа адагьы В. Дбар идыруан аурыс бызшәа, ақырҭуа бызшәа, анемец бызшәа (ажәар ихы иархәаны).

 

[9]  Гагратәи ақалақьтәи аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә ҟәша аҟны иусураан В. Дбар ихатәы уада иоуит (Гагра ақ., Ҵереҭели имҩа 59/4, 73 ауада).

[10] Амцабз, 4 (1966), ад. 14.

[11] Қырҭтәыла иҭыҵуан 1926 ш. ин.

[12] Ӡызлан. Ажәабжь // Алашара, 1 (1971), ад. 38–51; Раԥхьаӡатәи ааԥын. Ажәабжь // Алашара, 3 (1976), ад. 20–27; Аҩнқәа – аҩны еихагылақәа. Аочерк // Алашара, 8 (1977), ад. 49–52; Напы зҵаҩмыз ашәҟәы. Ажәабжь // Алашара, 2 (1979), ад. 60–68; Ашьабысҭа. Ажәабжь // Алашара, 1 (1980), ад. 60–63, уҳәа уб.егь.

[13] Алашара, 1 (1971), ад. 38.

[14] Дбар В. Раԥхьаӡатәи ааԥын. Ажәабжьқәа. Ақәа: «Алашара», 1979. — 72 д.

[15] Хварцкия И. Залог будущих удач // Советская Абхазия, 1980, № 232, 4 декабря, ад. 4.

[16] Шәахә.: Қапба Р. Абжьы ҿыц // Алашара, 2 (1981), ад. 90-94; Қапба Р. Ажәеи аҟазеи. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа: «Алашара», 1983. — Ад. 122–136.

[17] Қапба Р. Абжьы ҿыц // Алашара, 2 (1981), ад. 92.

[18] Дбар В. Ашәҭқәа анпытуа. Ажәабжьқәа. Ақәа: «Алашара», 1981. — 134 д.

[19] Дбар В. Иҭахаз шаҳаҭра изуам. Ажәабжьқәа. Ақәа: «Алашара», 1984. — 142 д.

[20] Дбар В. Иаанкылоу асалам шәҟәы. Ажәабжьқәа. Ақәа: «Алашара», 1990. — 176 д.

[21] В. Дбар ииҩыз автобиографиаҟны, 1982 ш. жьҭаарамза 20 рзы, аҵыхәтәан карандашла иацҵаны иҩит: «Сеизгақәа хҧа рыҟны иҟоу алеишәа атема иазку ажәабжьқәа, адетектив ажанр ала иҩуп. Ари ажанр аҧсуа литературазы иҿыцуп азы иахьатәи аҧсуа детектив аҧысҵарц сҭахуп». 1987 ш. лаҵарамза 22 рзы иҩыз автобиографиаҟны В. Дбар иазгәеиҭон: «Аҵыхәтәантәи аамҭазы алеишәа атема иазку ажәабжьқәа зыҩуеит адетектив ажанр ала. Убас ахҧатәи сышәҟәы имариам, зны-зынла ишәарҭоу Асоветтә милициа аусура ахьаарҧшу адетективтә жәабжьқәа рыла ишьақәгылоуп».

[22] Бигуаа В.А., Абхазоу В.В. Абхазские писатели. Биобиблиографический словарь. Сухум: Абгосиздат, 2017. — Ад. 169.

[23] Ари амашьынакьыҧхьтә напҩымҭа ац. апостол Симон Кананит имонастыр аҟны, Афон ҿыц, архимандрит Дараҭ (Дбар) иныха-археологиатә уадаҟны иҵәахуп.

[24] Аурыс бызшәахь иеиҭагоуп абарҭ ажәабжьқәа: «Раҧхьаӡатәи ааҧын», «Напы зҵаҩымз ашәҟәы», «Ӡызлан», «Алаҧшь», «Ната», «Ашәҭқәа анпытуа», «Ибзиоуп», «Аҧсыӡшьра», «Амшын ҿықә амаӡа», «Бзиабарак аҭоурых», «Анацәаҭыҧ», «Иҭахаз шаҳаҭра изуам», «Гәымшәа», «Амашьына агьежьқәа аҵӡаауан…», «Ашәҭ ҳамҭас», «Каршә». Хыхь зыӡбахә ҳәоу В. Дбар инапы иҵыҵыз амашьыныкьыҧхьтә напҩымҭақәа рахьтә 16 ажәабжь аурысшәахь реиҭага 2017 ш. Валентин иашьа гәакьа — Гиви иҳаиҭеит, иагьыҵәахуп архимандрит Дараҭ (Дбар) иныха-археологиатә уадаҟны, ац. апостол Симон Кананит имонастыр аҟны. Гиви Дбар иажәақәа рыла, XX ашә. 90-аш. Москва иҭыҵраны иҟан Валентин Дбар иажәабжьқәа реизга урысшәала. Ари ашәҟәы аҭыжьра иазкыз анонс «Литературнаиа газета» ианылахьан. Иара убас В. Дбар 1982 ш. жьҭаарамза 20 рзы ииҩыз автобиографиаҟны иаҳәоит иажәабжьқәа џьоукы ақырҭуа, аукраин бызшәа, абаза бызшәеи егьырҭ абызшәақәеи рахь иеиҭагоуп ҳәа. Гиви Дбар иҳаиҭаз аматериалқәа рыҩныҵҟа иҟоуп даҽа ҩ-папкакгьы, абарҭ ажәабжьқәеи аповестқәеи амашьынакьыҧхьтә напҩымҭақәа згәылаз: «Ашьаҟьар», «Ақәнага ақәыршәара», «Ибжьашьыз», «Аҳақ иазцәымцаз», «Ақәыџьма ашьоура», «Ала-ҟьала», «Зҽызшьыз изку аус», «Ҩ-ӡынраки ҩ-ԥхынраки рышьҭахь», «Ақәыџьма ашьоура».