Ишдыру еиԥш, ҳ-Аҳ Ду Иаса Қьырса ихаҿсахьа есқьынгьы аинтерес ду аман. Иеицырдыруа Британиатәи аенциклопедиаҟны Иара изкуп 20 000 жәа. Уи егьырҭ ауаадуқәа – Аристотелис, Цицирон, Платонас, Алеқсандрос Македониатәи уҳәа реиҧш иҟаз ирызку аасҭа акыр иеиҳауп. Избан абас еиԥш иҟоу аинтерес замоу Иаса Қьырса ихаҿра?
Қьырса аныҳәа аҭоурых аҟынтә ҳара иаҳдыруеит Иаса Анан Мариа лцәа дшалашәаз Аԥсы Цқьала. Иаҳдыруеит Иара Нцәак иаҳасабала дшыҟаз ижьра ҟалаанӡагьы. Аиашазы, ганкьахьала, уи Дуаҩыҵәҟьаны диит: дыԥшқан, ахәыҷра дҭысит, изҳаит. Даҽаганкахьала, уи иҵабыргны Дынцәаҵәҟьан. Ус анакәха, Иаса Қьырса ихаҿраҟны диит ҿырҧшышьа змам, акырӡа иҳаракны игылоу ауаҩы, зхаҿраҟны Анцәа иԥсабарагьы ауаҩытәҩса иԥсабарагьы еиҟәыгашьеи еилаҵәашьеи рымамкәа еидызкылаз.
Даҽа хшыҩҵакыкгьы. Иаса Қьырса иира ахҭыс ала иумбар залшом, ақьырсианраҟны Анцәа Ду, зегьы зшаз, ауаҩы шаҟа дизааигоу. Шаҟа ауаҩы диҭаху Уи, ҳара иныҟәаҳго ацәеижь Ихы ианаҭәеишьа. Ауаҩы ицәежь Анцәа изидикылаз акьанџьа аҳасабала Ихы иаирхәарц азы акәӡам. Иеиҭасҳәоит, Уи дуаҩыцәқьаны ауп дышиз.
Анцәа Ду абасҟак данаҳзылбаа, абас, ҳара, есқьынгьы аиакәым зуа, бзиа ҳаниба, иахәҭаӡами нас ҳаргьы маҷӡак акәзаргьы ажәҩан ахь ҳхы ҳархар, шьаҿа хәыҷык Иара иахь иҟаҳҵар?
Қьырса аныҳәа ауха имҩаԥаҳго Анцәа иҳәара аҟны изныкымкәа ашәаны иаҳҳәоит абасеиԥш иҟоу ажәақәа злоу атропарион: Уара Уира, Қьырсаҳ-Анцәа, адунеи дырра лашараны иазкаԥхеит, избанзар уи ала аиаҵәақәа рымаҵ зуаз аиаҵәа аҟынтә идырҵан Уара, аиашара Амра, уеихырхәареи, Уара, хыхьынтәи Ихало Амра, удырреи. Ҳ-Аҳ Ду, иумаз ахьӡ-аԥша!
Сгәы иаанагоит, абри ашәаҟны иазгәаҭоу «адырра лашара» иахьа Аԥсны иқәынхо ақьырсианцәа акырӡа иҳагны иҟоуп ҳәа. Ҳәарада, уи иахьа мацара акәӡам ианҳацәмаҷхазгьы.
Ааскьа сеиҭарыԥхьеит шәышықәса раԥхьа иҭыҵуаз аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аномерқәа маҷымкәа. Иагьазгәасҭеит, убасҟангьы ҿыц Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара анцоз, аԥсуаа ҳкультура аҿыхара ианаҿыз, уи аус знапы алакыз ауаа – Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Платон Шьаҟрыл уҳәа, урҭ ирывагылазгьы – Дырмит Маан, Елизбар Ачба реиԥш иҟаз усҟантәи аԥсуа қьырсиан ԥшьаҩцәа зегьы еицҿакны иазгәарҭон: ақьырсан дырра лашара аԥсыҽра иахҟьаны, ҳажәлар рыԥсҭазаараҟны ҵакы змам, иԥырхагаз, ауаҩы дыхзырҵәоз адинтә қьабзқәеи аҵасқәеи ишрызҳаз. Убасшәоуп, сара излазбо ала, иахьагьы аҭагылазаашьа шыҟоу.
Иҵабыргу ҳ-Аҳ Ду, ҳ-Анцәа Ду, Иаса Қьырса сиҳәоит, хыхь сызлацәажәоз ашәаҟны зыӡбахә ҳәоу аиаҵәақәа рдырҩцәа, амагцәа ҳәа изышьҭаз, Аџьамтәылаҟнытә иааны, ииз аԥшқа Қьырса иеихырхәаз, ҿыц игылаз аиаҵәа ишымҩақәнаҵаз еиԥш, ҳажәларгьы иахьатәи аныҳәа еиҭа адинтә хдырра еизырҳагатә мҩаны иаҳзыҟаиҵарц!
Ҽаанбзиала!
Қырса 2017 ш.
Афон Ҿыц
Комментарии