Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Аб Дараҭ (Дбар): АԤСУАРА ЗЛОУҴАША ХАРХӘАГАК

Аб Дараҭ (Дбар): АԤСУАРА ЗЛОУҴАША ХАРХӘАГАК

Ҳазну амза 16 рзы Аԥсуа телехәаԥшрала сахәаԥшит «Амшеикәшара» иалагӡаны ажурналист Даур Инаԥшьба иҟаиҵаз арепортаж адырраҭара. Иара 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан ҳауаажәлар рзы ирыцаҳара дуны иҟалаз хәажәкыратәи ажәылара азкын. Даур Инаԥшьба инҵамҭаҟны ирцәажәаз дыруаӡәкын Терра Аџьԥҳа. Уи лычкәын — Даур Ахба, Ҟәланырхәа ақыҭа аҵеи, хаҵарыла дҭахеит зыӡбахә сҳәаз ажәылараан.

Терра Аџьԥҳа лцәажәашьа сгәаԥхеит сҳәар, сиашамхар ҟалап. Избанзар ари аԥҳәыс дызлацәажәоз илхылгаз арыцҳара ду акәын. Аха, исымҳәар сгәы иауам — лажәақәа сдыршанхеит! Лҽазыҟамҵаӡакәа, иаразнак, ԥсышәамацарала, лажәа раӡаны, абри аԥҳәыс илҳәаз акыр сархәыцит. Ақәреи ибзианы ахатәы бызшәа адырреи мацара ракәӡам аус злоу, ари аԥҳәыс лыҟны иазгәаҭатәны исыҧхьаӡогьы ԥсуалацәҟьа лхәыцшьа ауп. Ас еиԥш ахдырра змоу ауаа, изааӡари — Аԥсуарацәҟьа иатәу, иахьазы, сажәа акыр ихьанҭазаргьы, даара имаҷны иуԥылоит. Ҳаамҭазы иаҳа ирацәахеит аҽхырцәажәара, иҟам-ианым ацҵаны ауаҩы иӡыргара. Зынӡа ирыцҳарахаз — ас еиԥш иҟоу азнеишьа ԥсуарангьы иҳаԥхьаӡо ҳалагеит.

Анцәа иџьшьоуп, Терра Аџьԥҳа леиԥш ауаа макьана иахьҳамоу. Иудыруеи, урҭ ауаа ражәа иаҳа ҳазҿлымҳахо ҳалагар, ҳ-Аԥсуара аиҭеира аус аҟны амҩа аԥшаара иаҳа иҳзымариархар.

Хыхь зыӡбахә сҳәаз Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара «Амшеикәшара» аинтернет аҟны иԥшааны, Терра Аџьԥҳа лажәахә акы агмырхаӡакәа, ианысҵеит. Уи Аԥсуара ныҟәызгар зҭаху изы, рҵагатә хархәагак аҳсабала ара идызгалоит.

Терра Аџьԥҳа: «Рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Ирдыруон ишҭахоз. Ишҭахоз шырдыроз оуп ишаа, абрахь (Гәмысҭа — аб Дараҭ иазгәаҭа), аибашьраҳәа.
Ауха, 15–16 руха, анык лаҳасабла сыштәаз шон. Иахысҳәо иԥшӡамзаргьы сыздыром, аха, сылацә анынҭаа, убри иагьысымҳәацт џьагьы (шәазхәыц, ари ахҭыс ҟалеижьҭи 27 шықәса ыиасхьеит — аб Дараҭ иазгәаҭа), убас еиԥш ҵлак снахәыԥшыхт. Амыхәқәа зегьы хҵәаны иҟахуп, икьаҿ-кьаҿны. Даур убра амахә иҳаракшәа дықәтәахуп. Ус саҳахьан, аԥхыӡла ауаҩы дҳаракны дубар ибзиоуп-агьиуп ҳәа. Уи схы ақәсыргәыӷит, акы дықәтәан, дҳаракны сҳәеит. Акгьы ихьрам сгәахәит.
Даур еиԥшума усҟан иҭахаз ачкәынцәа, аумақәа ҳацәҭахит (шәазхәыц, Терра Аџьԥҳа ас ахәшьара зылҭо лыҷкәан аибашьра иалагаанӡа, дышқәыԥшызгьы, ақыҭашкол иахагылаз, аибашьраан хаҵарала иҭахаз, иоуп! — аб Дараҭ иазгәаҭа). Ус иаҭахын. Иаҭахыз ҳаргьы мап ҳзацәкомызт анацәагьы. Рыԥсадгьыл рхы ақәырҵит.
Убырҭ ишәзынрыжьыз, иаҳзынрыжьыз Аԥсны ԥшӡа наҟ-наҟ иԥшӡахо Анцәа иҟаиҵааит! Уаҳа еибашьра шәымбаат! Аҿар зызҳауа ақәнага рзыҟалаат! Ажәҩан цқьа рауааит! Зегьы шәҳәоу еиқәшәаны, шәеибабо, аӷьараҳәа шәынхо ада уаҳа хьаа шәзымааиаат!»

Афон Ҿыц (Анаҟәаԥиа),
Ачгара ду 2020 ш.