Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Новости > АҦСНЫ АМИТРОПОЛИА ҦШЬА ҚЬЫРСАЗТӘИ АДНЫҲӘАЛАРА
06.01.2015

АҦСНЫ АМИТРОПОЛИА ҦШЬА ҚЬЫРСАЗТӘИ АДНЫҲӘАЛАРА

Анцәа ду бзиа иибаз абацәа, аишьцәа, аиҳәшьцәа!
Аамҭа есааира иццакуеит хьӡашьа амамкәа, Шәаргьы ҳаргьы еиҭа ҭоурых цәырҵраны иҟалаз Анцәа ирыцҳашьареи ибзиабареи ҳазааигәахеит — Анцәа Ҳҿыхҩы Иаса Қьырса Иира аныҳәа ашәхымс ҳнылагылеит!
 
Жәлары зегьы ргәырҕьара, аныҳәатә гәалаҟазаара, аишәақәа рырхиара, Аҧшқа иира абзарӡы зегьы ирылазҳәо Вифлеемтәи аеҵәа зхарку аҧсаӡқәа ҳаҧсҭазаара дырлашоит ауадаҩрақәа ырҧсыҽуа, абжьааҧнытәи аҧсҭазаара иаҳнаҭо агәыҵхақәа, агәҭынчымрақәа аҧыхуа.
Гәыла-ҧсыла ҳара, Қьырса Иныха иаҵанакуа зегьы, Вифлеемтәи аҳаҧы иҭоу ачыхәчара ҳазааиигәахоит азы ҳагәқәа хыҭхыҭуа Анцәа илбаара аҵасмаӡа ҳазыҧшуп:
«Қьырса ҳара Ҳанцәа, Уара Уирала адунеи иқәыҧхеит адырра лашара, избанзар уи ала аеҵәа амаҵ зуа аеҵәа иднарҵеит Уара умҵаныҳәашьа, Уара, аиаша Амра, Уара хыхьынтә Икаҧхо Алашара. Хьӡи-ҧшеи умазааит, Анцәа!»
 
Бзиабарала иҭәыз Мариеи Иосифи ирзаатыз, амаалықьцәа рыла гәыкала анцәахаҵара змаз ахьшьцәа ирылаҳәаз, “аеҵәала” уи ааҧсара зқәым аныҟәаҩцәа, аҵарауаа-ҟәыҕацәа иадзыҧхьалаз, зыхшыҩ хьшәашәоу, зынцәахаҵара ҧсыҽу, згәы цәымсоу рзы ишымаӡоу иаанхоит Аҧҵаҩы Иҽеиҭакра аҵасмаӡа ду.
Анцәеиҽеиҭакра аҵас ду аҵакы ҳара ҳзы иаркуп, аха уи аҵакы ҳзаатуеит ихьшәашәоу ҳгәы аҵан иҟоу аҳаҧы хьшәашәа Жәҩанынтәи Аҧшқа данҭаҳҵанахыс. Уи ҧсызхам ҳахшыҩи илашьцоу ҳгәи ҳәаа змаӡам бзиабарала ирҧханы гәыҕрала ирлашоит.
 
Қьырсазтәи агәырҕьара, Иҧшьоу арҭ амшқәа — ари ҧынгыла змам адәахьтәи гәырҕьара мацараны иҟаӡам, уи раҧхьа иргыланы, Аҿыхра аҵакы аилкаара, адкылара ауп! Избанзар даауеит ҳара ҳагәнаҳақәа зегьы Зхахьы изго, ҳгәырҩа ҳҟәызго, ҳгәыҵхақәа ҳхызхуа, ҳалаҕырӡқәа зрыцқьо, ҳгәазыҳәара ҕәҕәақәа ҩныҵҟала иҳацәҧырҽыз зегьы еиҭашьақәзыргыло. Анцәа ацәеижь идкыланы дааиуеит азы, Жәҩантәи Аби иҟьалаз ахшареи ахааназы ирыбжьыҵраны иҟам ҳәа угәы иззаанагоз аҭӡы хыбгалоит. Қьырсеи ақьырсианцәеи рыбжьара ишиашоу, гәыла-ҧсыла ирҧхоу аицәажәара аатуеит. Уи агәнаҳа атәцәа рыстатус Анцәа ихшареи Иаса Қьырса иашьцәеи ҳәа хәызмаӡам ахьӡқәа рыла иҧсаххеит.
 
Иахьа, аангылашьа змам аинформациа хышхыҵәаны иандәықәла, гәылаҧсыла аицәажәаразы аамҭа нхаӡом.
Аҧсҭазаара армариара хықәкыс измоу уажәтәи атехника агәқәа реиниара ҵакыданатәит, иеишьҭагыланы иааиуа аинформациа ахшыҩ арҧсаҟьеит, ацәаныррақәа рҭынчра еиланагеит, Анцәа ицәыхарахара иахҟьаны ауаагьы еицәтәымуаахеит. Абарҭ амшқәа рзы Анцәа Иныха иазааицҳаит Ажәа — Агәырҕьажәабжь — Агәырҕьаҿҳәаша!
Аныха Ҧшьа Қьырса ныҳәа азгәаҭо, уи ахшара зегьы, зҿлымҳара зыҭаҭәу, ацхыраа зҭаху ргәалашәаразы, ҳабзиабареи ҳрыцҳашьареи згәы арҧхо зегьы рҭааразы аҭагылазаашьа ҳнаҭоит.
Қьырсаныҳәазтәи ацәашьы аҿаҧхьа зҽеидызкылаз Аҧсны иқәынхо иарбан қьырсианҭаацәаразаалакгьы Анцәа илҧхазы аџьшьара анирҭо, иахьа иахьеидтәалоу, иахьеизааигәоу, аҵасмаӡа иахьалахәу азы насыҧ рымоуп.
 
Аишьцәа, аиҳәшьцәа! Лассы ихыркәшахо ашықәсҧхьаӡара ҧышәарыла иҭәын ҳара ҳзы. Ҳазҭагылаз ашәарҭара, Анцәа иџьшьаны, ҳашьҭахьҟа инхеит. Аха егьырҭ, аекономикатә, аполитикатә, ауаажәларратә уҳәа, иҟоу егьырҭагәҭынчымрақәа, ауаа рҕарреи, уаҵәтәи амш агәрамгареи, ачымазарақәеи, аҧсреи рыцәшәара ауаажәларра рыхдырра макьана иақәнагоу аҩаӡараҟны иахьыҟам, ҳара ҳаҧсыҽреи ҳхымхәареи роуп изыхҟьо.
 
Иҧшьоу Аиашахаҵаратә Ныха ахаангьы, иҟалалакгьы, ажәалагьы аус аҟынгьы ажәлар ирыдгылоит — реиқәырхаразы анапы иану аус нагӡо. Ус иҟан, ус иагьыҟалоит аҧсҭазаара ыҟанаҵы. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа ауаа ргәырҽанаҵоит — иарбанкризисзаалак мзызс иамоу иара ауаҩы иҟынтәи ахы акуеит ҳәа. Уаанӡа имаӡаз шьҭа иаргамахан, ҳара зегьы ҳхатә ҧышәала агәра ҳгеит — ацивилизациа, аҧсымҭәреи џьабаада амалырҳареи апринципқәа рыла ишьақәгылоу ауаажәларра аҭышәынтәаларагьы аанагом, апрогрессгьы. Адоуҳатә ҿиара ахырхарҭа ахьеилагоу, ауаҩы ҳаҭыр иқәҵара ахьмаҷхаз, хықәкыла аламыс аҧҟарақәа, аҧсҭазаара адоуҳатә шьаҭақәа ирҿагыланы аусура ахьымҩаҧысуа ауаажәларра адеградациеи аиаӡаареи роуп ҧеиҧшс ирымоу.
 
Анцәа ду бзиа иибаз абацәа, аишьцәа, аиҳәшьцәа! Иҧшьоу арҭ амшқәа рзы Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Қьырса Ҧшқа иҿаҧхьа ихырхәо, зегьы ааҧхьара рнаҭоит аҭынчреи мышхәыбзазареи рзы Анцәа иҳәарц азы, Анцәа ду ҳажәлар рыла хитырц азы, ҳаҧсадгьыл аҭынчра азааигарц азы, амаалықьцәа агәырҕьашәа рыцаҳҳәарц: «Аџьшьара имоуп Анцәа хыхь жәҩан аҟны! Адгьыл аҟны Иара абзиаззиҳәо ауаа аҭынчра рымазааит!».
 
Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Анцәа ду, Ҳҿыхҩы Иаса Қьырса Иирамши иааиуа 2015-тәи Ашықәс Ҿыци!
Анцәа ду дахылаҧшлааит ҳ-Аҧсны!
 
АЖЬЫРНЫҲӘА 7, 2015 ШЫҚӘСА
 
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ацқьа цҳаражәҳәаҩ
Симон Канатәи ихьӡ зху Афон Ҿыц — Анаҟәаҧиа иҟоу амонастыр аишьцәа.
«Иқьырсиану Аҧсны» агазеҭ аредакциа.