Анцәаицәырҵра аушьҭыгатә тропа́рион, 1-тәи абжьы
Иордан / аӡы уӡаахраан, ҳ-Аҳ Ду, / илабҿабахеит Хаӡәк иеихырхәара: / избанзар Узхылҵыз ибжьы / шаҳаҭра ауит Уара узы, / бзиа ибаз Аԥа ҳәа ухьӡытәуа; / аҳәыҳә ԥшра змаз Аԥсгьы, / ишьақәнарӷәӷәон Аб иажәа еицакра шақәым. / Ицәырҵыз Қьырса Анцәа, / адунеигьы (ко́змос) зырлашаз, иумаз ахьӡ-аԥша!
Анцәаицәырҵра иконда́кион (иқандақь), 4-тәи абжьы
Уазцәырҵит иахьа адгьыл (икумéна), / Улашарагьы, ҳ-Аҳ Ду, / дырганы иаҳнуҵеит, / дыррала иузышәаҳәо: / «Уааит, уцәырҵит, / зааигәара неишьа ыҟам Алашара!».
Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии