Аиԥылара аушьҭыгатә тропа́рион, 1-тәи абжьы
Бгәырӷьала, лыԥхазмоу / Нцәадзыхшаз Аҭыԥҳа́: / избанзар Бара была иаҳхалашеит / аиашара Амра – / Қьырса ҳ-Анцәа, / алашьцара зхатәоу зырлашо. / Угәырӷьала уаргьы, абы́рг иаша, / ҳаԥсқәа Ахақәиҭрарыҭаҩ / дызгәыдзыҳәҳәалаз, / [аԥсцәа рахьтә] агыларагьы ҳаназшьо.
Аиԥылара аконда́кион (ақандақь), 1-тәи абжьы
Зи́рала / Аҭыԥҳа́ лымгәарҭа ԥшьаны, / Симеон инапқәагьы / қәнагала рықәныҳәара иахьӡаны, / шьҭа ҳаргьы ҳаиқәзырхаз, Қьырса ҳ-Анцәа. / Аибашьрақәа раангьы / аҭынчра иақәыршәа атәылауаа, / рымчрагьы рӷәӷәа / бзиа иубаз аҳцәа, / Иаӡәыку Ауаҩы́ҭахҩы.
Перевод с древнегреческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии