Официальный сайт Священной Митрополии Абхазии > Статьи > Аида Смырҧҳа. Аҽыҳаракра, аҽыруаҩдура, иаҧсам ахьӡ-аҧша

Аида Смырҧҳа. Аҽыҳаракра, аҽыруаҩдура, иаҧсам ахьӡ-аҧша

Извините, этот текст доступен только на “Abkhazian”.

1-%d0%b0%d0%b8%d0%b4%d0%b0«Ауаҩытәыҩсатә хьӡи-ҧшеи уахьынӡашьҭоу,
иуцәымӡааит Анцәа ихьӡ-иҧша»
Ацқьа Нил Синаитәи

 
Ишдыру еиҧш, ацәеижь чымазарақәа, ахьаақәа шыҟоу еиҧш, иҟоуп ҩнуҵҟалатәи агәыжәла хьаақәа, ақьырсиантә дунеи аҿы чымазараны, шьцылара бааҧсны изхәаҧшуа, еиҳа зҿлымҳара зырҭо. Урҭ рахь иаҵанакуеит уамак хырҩа заҳамҭо, абзазараҿы – аҽыҳаракра, аҽыруаҩдура, иаҧсам ахьӡ-аҧша.
 
Ари шьцылара бааҧсуп, зегь реиҳа ицәыргам, имаӡоу акы акәны иҟоуп. Ицқьоу ауаҩы ааӡара мҩа дықәызҵо аҳ-Абацәа ари ашьцылара иҵаулоу, ганрацәа змоу чымазараны, иаразнакгьы улаҧш иҵамшәо акакәны иахәаҧшуеит. «Ахәаҷа аҵла шафо, ажьакца – аҭыџь шаржьакцо, аҩ – аба шархо еиҧш аҽыруаҩдурагьы ауаҩы игәы быжьнахуеит», – иҳәоит ацқьа Иоанн Ахьҿы. Иара ус баша иумбо акоуп азы иара абаразы ҳаҩныҵҟатә дунеи ҵаулара аус адуланы ҳҭаҧшыроуп.
 
Ҳара ҳазлаҟоу, ҳазлаҽырбо зегьы – аҭеиҭыҧш, абжьы хаа, аҧшӡара, аҟазара, асахьаҭыхра абас еиқәыҳаҧхьаӡаша рацәоуп, ари зегьы ҳара иҳабзоураӡам, Анцәа иҳаиҭаз амҭа еиҧш иахәаҧштәуп. Ииашоуп Анцәа иҳаиҭаз наҟ-наҟ, Иара ибзоурала иацырҵоит, еихарҳауеит, аус адырулоит, аха аҧсуаа жәаҧҟаны ражәа иалоуп: «Ала ахьҭам, алаҕырӡ узаагом» ҳәа, ҳаниз иҳацишаз ауп еизҳа-зыҕьаҳтәуа.
 
Иаҳгәалаҳаршәап Ауасиаҭ Ҿыц аҟнытәи ахҭыс: Иҳақәиҭу Анцәа Ду Иаса Қьырса Иаир иҧҳа иҧсыз рахьтә лыҧсы анҭеиҵа, «ҕәҕәала ирыдиҵеит иҟалаз аӡәгьы изымдырразы» (Мк.5, 43). Уи ала ҳара иаҳбоит абзиа аныҟаҳҵогьы, иара уи абзиара ҵәахышьа анамамгьы ҳанымыҽхәарц азы. Сара ари азҵаара сымч шақәымхогьы, сазааҭгыло саналага, Ицқьоу Абацәа рҩымҭақәа рыла азҵаара сызцәырҵит – уамакгьы ҟамлазар акәхап ауаҩы иҟаиҵаз абзиара дахцәажәар ҳәа, аха хыхь иасырбаз аҩымҭақәа рыла, уи иахылҿиаауа даара ирацәаӡоуп. Ари аҽырҳаракра ала иаҳцәыӡуазаап ҳара иҟаҳҵараны иҟоу абзиара. Иара иҟаҳҵаз абзиара ҳананыҽхәо, уи ала ҳхы ду ибо, аҽышьҭыхра ҳаналага ашьҭахь, уи аӡы иаҳҭаз иаҩызоуп. Абзиа маӡала ианыҟауҵо Жәҩан иҟоу Ҳаб «имаӡоу збаз аргама иуҭоит» (Мф. 6, 6). Убасҟан ауп ҳәа иҧхьаӡоуп, «жәҩантә ҵәахырҭаҿы», «аҩи ажьакцеи иахьырымфо, аҕьыч иахьизыҵымхуа, иахьизымҕьычуа» иахьыҟало (Мф. 6,20).
 
Аҩырацқьа излаҳанаҳәо ала, «дарбанзаалак зхала зҽышьҭызхуа длаҟәхоит, зҽылазырҟәуа – дҳаракхоит» (Лк.14, 11). Анцәа иҭахӡам, аӡәы иҽанышьҭихуа егьырҭ ауаа рҿаҧхьа, еиҳаракгьы егьырҭ лбааго ихы шьҭыхуа, избанзар Иара иҿаҧхьа зегьы ҳаиҟараны ҳшоуп, ҳара ҳтәала игәнаҳауп ҳәа иҳаҧхьаӡогьы, ииашоуп, ибзиоуп ҳәа иҳаҧхьаӡогьы, иҧҟара иқәныҟәогьы, иацәхьаҵызгьы. Иара зегьы еиҧшны, иеиҟараны ибоит, иҟалоит ицәхьаҵыз еиҳа даниҭахугьы. Ҳазхәыцып, шә-уасак ирызку ахҭыс маана: шә-хык ауасақәа зыхьчоз ахьча акы аницәыӡ, ҧшьынҩажәизеижә кажьны, иӡыз акы дыҿҟьаса дашьҭалеит. Убри аҟара деиҷаҳауан. Иӡыз аниҧшаа, даара деигәырҕьеит, игәыдикылеит, ихыдикылеит, ибҕа иқәиртәеит. Аҧсҭазаараҿгьы ус шаҟантә иаҳбахьоузеи, зегь рыла иманшәалоу иакәымкәан, маҷк амҩа иацәыхҟьаз арыҕьарахь даныгьежьлак, шаҟа иеигәырҕьо.
 
Иаса Қьырса иҵаҩцәа данрацәажәо ацыҧҵәаха аҿы иаҳбоит: «Ишәеиҳахар зҭаху шәара шәыбжьара шәымаҵ иулоит, зегьы раҧхьа иҟаларц зҭаху шәара шәыбжьара дышәмаҵуҩхоит». Избанзар, иара Ауаҩытәҩса иҧа дыззааз имаҵ руларц азакәӡам, ҳара ҳҿыхразоуп, дҳахәарц, иҧсҭазаара ҳаиҭарц азы ауп.
 
Ицқьоу Абацәа рыҧсҭазааратә мҩа ҳанаҧхьо ашәҟәқәа рҿы иаҳҧылоит, урҭ шаҟа рхы лбааганы, рҽыларҟәны, рыҽрыцҳатәны, зегь реиҳа игәнаҳоу уааны рхы ишахәаҧшуа, ҳара уамашәа иубаша, ҳиашаны ҳхы аабоит. Ауада хәашь аҧарда жәпа ахьыкнаҳау абыб унарбаӡом, аха маҷк адамхаргьы, алашара анааҩнаҷҷа, иумбарц залшом, аҳауа иалоу абыб. Арҭ уи алашара згәы иҭаҷҷаз роуп. Дара рыҧсҭазаараҿы еснагь аныҳәара иаҿу, Анцәа иҧҟарақәа ирықәныҟәо, адунеитә хаара-бзаарақәа – анхамҩа, амаҭәа бзиа, афатә-ажәтә зхы ацәызгоз, иацәыҧхьазкуаз ракәын. Дара рыбжеиҳараҩык – аҭаацәара бзиақәа ирылҵыз, аҵарауаа ирхылҵыз, шьҭрала аҧшьацәа ирылҵыз ауаа ракәын. Анцәа ибзиабара, игәцаракра, Уи иҿаҧхьа дара шымчыдаз азы ирымаз аилкаара акәын изхылҿиаауаз дара рхымҩаҧгашьа.