Агәырӷьаҿҳәа́ша аушьҭыгатә тропа́рион, 4-тәи абжьы
Иахьа ҳҿыхра аха́цыркреи /
наӡаӡатәи Амаӡа лабҿаба ацәырҵреи / иамшуп: /
Анцәа Иԥа / Аҭыԥҳа́ лԥа иакәхоит, /
Габриилгьы ари гәырӷьаҿҳәа́шаны иҳәоит. /
Уи азы Анцәадзыхшаз лахь иеицҿаҳҭуеит: /
Бгәырӷьала, Анцәа илԥха змоу, / ҳ-Аҳ Ду дбыцуп!
Агәырӷьаҿҳәа́ша аконда́кион (ақанда́қь), 4-тәи абжьы
Сзыхьчо ар Рԥыза Бзы / аиааираныҳәа амҩаԥгареи, /
арыцҳара дуқәа рҟынтә сҿызхыз Бакәны / аџьшьа́ра Быҭареи /
нҵара́ла Ибзаԥысҵоит сара, Бықалақь, Анцәадзыхшаз! /
Аха Бара иааира зқәым амчра змоу, /
шәарҭас иҟоу зегьы рҟынтә схы са́қәиҭтә /
Бызҿысҭы́ртә еиԥш: / Бгәырӷьала, Иҭацамкәа Иҭацахаз!
Перевод с др.-греческого на абхазский: архимандрит Дорофей (Дбар)
Редакторы: Тамила Аршба, Арда Ашуба
Комментарии