аартраҟны иқәгылара
АЛАГАЛАЖӘА
Жәабран 11, 2016 ш. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак амшхәаҧштә иалагалан Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха-Жәлартә Еизара ааҧхьара азҵаара.
Аус зуа Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Аҧҟаҧҵәа инақәыршәаны (3 ахы, 1.2 ап.) иааиҧмырҟьаӡакәа аус зуа Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа анапхгаратә усбарҭа азинмчқәа ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы рыҿҳәара нҵәоит. Абри инамаданы Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аӡбамҭа аднакылеит лаҵарамза 15, 2016 ш. II-тәи Аныха-Жәлартә Еизара ааҧхьаразы, иагьрыланаҳәеит уи амҩаҧгара аҽазырхиара алагамҭа атәы.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак абри аилатәараҟны II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҽазырхиареи амҩаҧгареи рзы аӡбамҭа шьҭыхын Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа абиуџьет аҟнытә 1 000 000 мааҭк ахарџьқәа рзаужьразы. Абри адагьы, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак «Актәи Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Аныха-Жәлартә Еизара актқәа» рҭыжьреи урҭ рхарџьҧса азоужьреи рзы архимандрит Дараҭ (Дбар) иажәалагала иақәшаҳаҭхеит.
2016 ш. жәабран 17 инаркны ихацыркын II–тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҽалархәразы арзаҳалқәа реизгара.
Аизара азинмчы змоу алахәылаҩцәа раҳасабала иалахәуп:
• Ашәҟәы иҭагалоу 2011 ш. I-тәи Аныха–Жәлартә Еизара алахәылаҩцәа (аиҿкаара аҧҵаҩцәа);
• Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра, ақьырсиан иашахаҵара (орҭодокс) ныҟәызго, зықәра наӡоу ахаҿқәа.
Анаҧшҩцәа, асасцәеи аккредитациа змоу Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа ахаҭарнакцәа раҳасабала иалахәуп:
• Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра, егьырҭ Аҧсны адгьылҵакыраҟны ашәҟәы иҭагалоу адинтә еиҿкаарақәа рхаҭаранкцәагьы налаҵаны;
• Аҧсны аҳәынҭқарратәи уаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа;
• Аҧсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ атәылақәеи ирыҵаркуа АИХ рхаҭарнакцәа;
• Анаҧшыҩцәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II–тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҽалархәразы арзаҳал алазҵаз ахаҿқәа иадырбар ақәнаган: ААА., аира арыцхә, анцәахаҵара (аиашахаҵара, даҽакы), атәылауаҩшәҟәы адырга, аномер, анхарҭа ҭыҧ, аҭел аномер, аеэлектронтә ҧочҭа аҭыӡҭа, уи ыҟазар.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II–тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҽалархәразы арзаҳал алазҵаз ахаҿқәа аиашахҵаратә нцәахаҵара ныҟәызго ахаҿқәа ирылшон Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа рахь акандидатцәа рықәыргылара, уи азы арзаҳал абланк аҟны иарбоу аграфа харҭәааны.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа рахь кандидатцәаны иҟалар рылшон Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аиашахҵаратә нцәахаҵара ныҟәызго рымацара, ахацәа, 25 шықәса зхыҵхьоу.
Арзаҳал алаҵара арманшәаларазы Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа аофициалтә саите «Anyha.org» аҟны иаҧҵан аҳәара иазку аелектронтә ҭыӡҭа: www.anyha.org/elect
2016 ш. мшаҧымза агәҭаны аинтернет цхыраагӡақәа (anyha.orgи abkhaz-auto.ru) рыҟны ицәырҵит иҷыдоу аӡыргаратә баннерқәа Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара амҩаҧгара арыцхә арбаны. Убасҟан Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәа ҧшьба рҿы (Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра) амҩаҿықәқәа рыҟны икнаҳан 16 баннер II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара амҩаҧгара арыцхәқәа арбаны.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа иазнархиеит аӡыргаратә роликқәа 9 (Лакоба С. З., Дамениа О. Н., Ҧлиа Д. Ч., Папасқьири О. В., Дауҭиа Ф. Т., Бжьаниа А. Иу., Агрба И. Ш. уб. егь.). Арҭ ароликқәа дырбан, коммерциатә шьаҭала, лаҵарамза 4 инаркны лаҵарамза 7-нӡа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҟны, лаҵарамза 10 инаркны лаҵарамза 14 -нӡа АБАЗА-TV аҟни, иара убас аинтернет цхыраагӡақәа рыҟны.
Ақьырсиан Динтә Еиҿкаара «Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа» (113 АА 000316) II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара шымҩаҧнаго азы уи иашьашәалоу адырраҭарақәа дәықәҵан:
– Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура Ахантәаҩы Маан З.Б.
– Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ӡаҧшьба Л.Иу.
– Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Кәыҵниа Л.К.
– Афон ҿыц ақ. аусбарҭа ахада Дауҭиа Ф.Т.
– Афон ҿыц ақ. Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Смыр Н.В.
– Афонҿыцтәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Арӡынба Л.К.
2016 ш. лаҵарамза 12 рзы иааит Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҽалархәразы арзаҳалқәа 447. Урҭ рахьтә — 412 ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыҟнытә. 35 — Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара анаҧшыҩцәеи асасцәеи рыҟнытә. Иааиз арзаҳалқәа шьаҭас иаҭаны ақьырсиануаа рхыҧхьаӡараҟнытә ишьақәыргылан Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахь акандидатцәа рсиа. Асиа иалалеит:
1.Маршьан Герман Мирон-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 89-ҩык азыҳәаҩцәа рыла.
2.Иаланчиди Дионис Панаиот-иҧа (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 71 азыҳәаҩцәа рыла.
3.Ҭраҧшь Омар Тыкәа-иҧа (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 57 азыҳәаҩцәа рыла.
4.Чалмаз Мирон Михаил-иҧа (Афон Ҿыц) — дықәыргылоуп 51 азыҳәаҩцәа рыла.
5.Ҧандариа Руслан Владимир-иҧа (Афон Ҿыц)- дықәыргылоуп 42 азыҳәаҩцәа рыла.
6.Харчлаа Ҭемыр Гиви-иҧа (Агәуӡера аҳ.) — дықәыргылоуп 36 азыҳәаҩцәа рыла.
7.Ҧлиа Давид Чича-иҧа (Аҟәа) — дықәыргылоуп 15 зыҳәаҩцәа рыла.
8.Ӡиӡариа Ҭемыр Сергеи-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 14 зыҳәаҩцәа рыла.
9.Смыр Ахра Виктор-иҧа (Ал. Ешыра) – дықәыргылоуп 8 зыҳәаҩцәа рыла.
10.Гындиа Гьаргь Нодар-иҧа (Очамчыра) – дықәыргылоуп 5 азыҳәаҩцәа рыла.
11.Занҭариа Даур Ақсент-иҧа (Аҟәа) — дықәыргылоуп 5 азыҳәаҩцәа рыла.
12.Кобахиа Гьаргь Заур-иҧа (Очамчыра) – дықәыргылоуп 5 азыҳәаҩцәа рыла.
13.Кобахиа Баҭал Самсон-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 3 азыҳәаҩцәа рыла
14.Лакоба Станислав Зосим-иҧа ( Аҟәа) – дықәыргылоуп 3 азыҳәаҩцәа рыла.
15.Ҵәыџьба Нодар Сардион-иҧа ( Афон Ҿыц) — дықәыргылоуп 3 азыҳәаҩцәа рыла.
16.Ашәба Ахра – дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла.
17.Дауҭиа Феликс Тарас-иҧа (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла..
18.Зыхәба Дмитри Игор-иҧа (Афон ҿыц) — дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла.
19.Гәлиа Џьон Владимир-иҧа (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла.
20.Тхагәушев Алхас Алеқсандр-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла.
21.Цкәуа Михаил (Ал. Ешыра) – дықәыргылоуп 2 азыҳәаҩцәа рыла.
22.Ахба Ҭемыр Владимир-иҧа (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
23.Багаҭлиа Валико – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
24.Бигәаа Арнольд (Афон) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
25.Гегенаа Асҭамыр Ремзи-иҧа – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
26.Гегенаа Ремзи Арсент-иҧа – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
27.Гәогәуа Алексей Ноча-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
28.Гогуа Дмитрий Алексеевич (Аҟәа) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
29.Джения Адгур (Афон Ҿыц) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
30.Жорданиа Џьамбул (Аҟәа) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
31.Лакоба Ҭамаз – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
32.Матуа Ерик – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
33.Ҭарба Алеқсеи Рудик-иҧа (Аҟәа) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
34.Хәытаба Ҭарашь Закан-иҧа (Гагра) – дықәыргылоуп 1 зыҳәаҩык ила.
Иазгәаҳҭап, I–тәи Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Аныха–Жәлартә Еизара еизараҟны иаҿырҧшны иаҳҳәозар, уи мзызс иамаз зегьы ижәдыруа ауп, ақьырсиануаа рахьтә Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахь акандидатцәа ралкааразы ауадаҩрақәа ыҟазҭгьы, II-тәи Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа АЖӘЕ аҟны ҳара Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахь ақьырсиануаа рзы 6 ҭыҧк ахь ахьыҟоу, акандидатцәа 34-ҩык ҳамоуп.
2015 ш. лаҵарамза 12 рзы Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак актәи ааҧхьара аҵыхәтәантәи аилатәараҟны ирыдкылан II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аусура аҧҟара, ишьақәырҕәҕәан Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аҩбатәи ааҧхьарахь ақьырсиануаа рсиеи II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара Алхратә комиссиа алахәылаҩцәа рсиагьы.
II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аусура аҧҟара
II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара иалахәу зегьы амонастыр аҩналарҭа хадаҟны ашәҟәы рыҽҭаргалароуп, ироуроуп Аныха–Жәлартә Еизара алахәылаҩ ишәҟәы ҷыда. Абри ашәҟәы змоу II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара алахәылаҩцәа роуп абжьыҭира иақәиҭу.
08.00 – II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара алахәылаҩцәа ашәҟәы рыҽҭагалара алагамҭа.
08.30 – Алитургиа. Ац. Апостол Андреи Аҧхьанаҧхьа иныхаҟны.
10.30 – Акаҳуажәра (ац. Апостол Андреи Аҧхьанаҧхьа иныха аҩналарҭаҟны).
11.00 – II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аилатәара аартра ац. Пантелеимон иныхаҟны.
12.15 – Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы архимандрит Дараҭ (Дбар) Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа 2011-2016 шықәсқәа рызтәи аˊҟазаареи аусзуреи аҳасабырбазура иазку иқәгылара.
12.45 – Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы аҩбатәи ихаҭыҧуаҩ адикәанҧшьаҩы Давид (Сарсаниа) Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа 2011-2016 шықәсқәа рызтәи афинанстәи агәыҳаларатәи усзура аҳасабарбазура иазку иқәгылара.
13.05 – Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Герман Мирон-иҧа Маршьан 2011-2016 шықәсқәа рызтәи Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аусура аҳасабарбазура иазку иқәгылара.
13.25 –Ақьырсиануаа рыхьӡала Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ Ашәба Арда Енвер-иҧа иқәгылара.
13.40 – Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәыларазы акандидатцәа рсиа рылаҳәара.
14.00-16.00 – Маӡала абжьыҭара аныхатә хышәқәеи амонастыр аӡӡаахырҭеи рыҟны. Абжьыҭара инақәыршәаны Афонҿыцтәи амонастыр аишәачарҭаҟны зыбжьы азҭаз рзы имҩаҧысуеит какалкра.
16.00 – II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аилатәара иацҵахоит. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы архимандрит Дараҭ (Дбар) иқәгылара II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара ахьӡала 2016 шықәса рашәарамза 16 инаркны 27 –нӡа Крит адгьылбжьахаҟны (Еллинтәыла) имҩаҧысраны иҟоу Иҧшьоу Зегьириашахаҵароу Аизара дуӡӡа алахәылаҩцәа рыхьӡала Ааҧхьара адкылара иазку иқәгылара.
16.20–17.20 — Азыӡырҩрақәа. II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҟны ақәгылара зҭаху заа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара Ахантәаҩы иҩны адырра ирҭароуп.
17.30 – Абжьыҭара алҵшәақәа рылаҳәара.
17.45 – II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аркра. Аџьшьаратә нцәаиҳәара.
18.00 – АИХ рзы абрифинг.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аҩбатәи ааҧхьарахьы акандидатцәа 12–ҩык рсиа:
1.Аргәын Ахра Гулик-иҧа (Очамчыра, аус зуа Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
2.Ашәба Арда Енвер-иҧа (Аҟәа, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
3.Ӡиӡариа Ҭемыр Сергеи-иҧа ( Аҟәа, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
4.Ҧандариа Руслан Владимир-иҧа (Афон Ҿыц, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
5.Ҭраҧшь Омар Тыкәа-иҧа (Афон Ҿыц, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
6.Ҭхагушев Алхас Александр-иҧа (Аҟәа, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩ).
7.Иаланчиди Дионис Панаиот-иҧа (Афон Ҿыц, дықәыргылоуп 71 азыҳәаҩцәа рыла).
8.Чалмаз Мирон Михайлович (Афон Ҿыц, дықәыргылоуп 51 азыҳәаҩцәа рыла).
9.Ҧлиа Давид Чич-иҧа (Аҟәа, дықәыргылоуп 15 азыҳәаҩцәа рыла).
10.Папаа Геннади Рауль-иҧа (Тҟәарчал, дықәыргылоуп 10 Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа рыла).
11. Гәымба Беслан Шалико-иҧа (Лыхны, дықәыргылоуп 10 Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа рыла).
12. Гындиа Гьаргь Нодар-иҧа (Очамчыра, дықәыргылоуп 5 Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа рыла).
Иазгәаҳҭап Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәылаҩцәа иахьынӡауаз Аҧсны арегионқәа рхаҭарнакцәа ралхра ишадгылаз.
Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара Алхратә Комиссиа алахәылаҩцәа рсиа:
1.Смыр Наталиа Виқтор-иҧҳа – акомиссиа ахантәаҩы
2.Агрба Лана Алеқсеи-иҧҳа.
3.Агәмаа Мадина Зураб-иҧҳа.
4.Ахба МактинаХьыцкур-иҧҳа.
5.Ашьхаруа Асҭанда Мамиа-иҧҳа.
6.Воуба Илона Заур-иҧҳа.
7.Гигиеава Флорида Сергеи-иҧҳа.
8.Гәбаз Линда Гари-иҧҳа.
9.Гәынба Асида Хараз-иҧҳа.
10.Папба Саида Арвелод-иҧҳа.
11.Смыр Оқсана Виктор-иҧҳа.
12.Траҧшь Ҳамида Зураб-иҧҳа.
13.Ҳаразиа Ада Аслан-иҧҳа.
14.Ҳаразиа Гунда Аслан-иҧҳа.
15.Цәеиба Илона Руслан-иҧҳа.
16.Ҵәыџьба МаианаНодар-иҧҳа.
17.Ҵәыџьба АинарНодар-иҧҳа.
18.Цкәуиа Витали Сергеи-иҧҳа.
19.Чедиа Миранда Тирбеи-иҧҳа.
Абри адагьы, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак еицҿакны ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара аҟны абжьыҭаразы алхратә бҕьыц ақәырҧшы, уи аҟны иарбоуп х-зҵаарак:
1. Аҧшьаҩцәеи амонахцәеи рыҟнытә асиа: архимандрит Дараҭ (Дбар), адикәанҧшьаҩы Давид (Сарсаниа), амонах Феофан (Крутиков).
2. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахантәаҩы иҭыҧ ахь акандидатцәа рсиа. (Иазгәаҭатәуп апресвитер чын змоу кандидатк имацара дахьыҟоу аҟнытә ари азҵааразы абжьыҭара мҩаҧысуеит «агәрагара абжьы» аҟазшьа аҭаны).
3. Ақьырсиануаа рыҟнытә акандидатцәа 12 –ҩык рсиа ахьтә иалххоит 6-ҩык.
Хыхь иазгәаҭоу Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аилатәараҟны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара ахьӡала иахәаҧшит 2016 шықәса рашәарамза 16 инаркны 27–нӡа Крит адгьылбжьахаҟны (Еллинтәыла) имҩаҧысраны иҟоу Иҧшьоу Зегьириашахаҵароу Аизара дуӡӡа алахәылаҩцәа рыхьӡала Ааҧхьара апроект. Арҽеирақәа ралагалара анаҩс Ааҧхьара атекст апроект шьақәырҕәҕәан Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аҟны.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ақәгәыҕуеит Иҧшьоу Зегьириашахаҵароу Аизара дуӡӡа алахәылаҩцәа рыхьӡала Ааҧхьара Аҧсны Аиашхаҵаратә Ныха Аҟәа-Пицундатәи Аепархиеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи адгылара арҭоит ҳәа, аапҳьара ҟанаҵеит абри аҩыза Ааҧхьара ҟарҵарц азы.
Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак иара убас иеицҿакны Ақьырсиантә Динтә Еиҿкаара «ААН Аҟәа-Пицундатәи Аепархиа» ахаҭарнакцәа ааҧхьара рнаҭеит Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа II-тәи Аныха–Жәлартә Еизара анаҧшыҩцәа раҳасабала аҽалархәразы.
Комментарии