Ус анакәха, Қьырса Иҽеиҭакра ныҳәаҵас амҩаԥгара ақәнагаҵәҟьоуп хәажәкырамзазы, Амшаԥныҳәа есышықәса изықәшәо амш инашьашәаланы. Аха, уи аамҭа Ҩынҩажәамшы чгара иахьақәшәази, уи иахҟьаны ныҳәа дук еиԥш амҩаԥгара ахьҳалымшои азы, аныҳәа ииагахеит нанҳәамза 6 рахь. Ари арыцхәгьы машәырны иалкаамхеит, избанзар ҩынҩажәамшы иаԥхьагылоуп Хәызмам Аџьар Аҳаракыра аныҳәамш, ари аныҳәа мҩаԥаҳгоит цәыббра 14 рзы, иагьаҳшьоит Ахәаша Ду (Иаса Қьырса аџьар данкыдарҵаз амш) иаҟараны.
Аныҳәа ахҭысқәа ртәы уҳәозар, урҭ асиноптиктә ҳәа изышьҭоу Аевангелистцәа рыхҩыкгьы ианҵаны иаҳзынрыжьит, избанзар Аҽеиҭакра Қьырса иԥсҭазаараҟны ихадоу хҭысны иҟоуп, атеологиатә цҳамҭақәа ирыҵаркуа рацәоуп (Матфеос 17, 1-8; Маркос 9, 2-8; Лукас 9, 28-36).
МАҬФЕОС ИҞНЫТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА
АХЫ 17
1 Фымш аабжьысуаны, Иаса Петроси, Иаковоси, уи иашьа Иоанниси рымацара иманы ашьха ҳарак дыхәнеит, 2 Рҿаԥхьагьы иҽеиҭеикит: ихы-иҿы амреиԥш икаҷҷеит, ицәашәҵатәы, алашареиԥш ишкәакәахеит. 3 Абар урҭ рҿаԥхьа иаацәырҵит Моисиси Илиаси, Иара иацәажәо. 4 Абри аамҭазы Петрос Иаса иеиҳәоит: ҳ-Аҳ Ду! ара ҳаҟазаара бзиоуп; иуҭахызар х-қьалак ҳаргылап: Уара узы акы, Моисис изы акы, Илиас изы акы. 5 Абри атәы шиҳәоз ԥҭашк аархатәеит; аԥҭахьтә абасеиԥш ала ицәажәоз бжьык аагеит: Абри иоуп бзиа избо, сгәахәара Злоу Сара Сԥа; Иара шәизыӡырҩла. 6 Ари заҳаз аҵаҩцәа ҿыцха икаҳаит, ӷәӷәала ишәаӡыӡаны. 7 Аха Иаса урҭ днарыдгылан, днархьысны иреиҳәоит: шәгыл, шәымшәан. 8 Ианыҩаԥш, абар, Иаса ида уаҩ дыҟам.
МАРКОС ИҞНЫТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА
АХЫ 9
2 Фымш аабжьысуаны, Иаса иҵаҩцәа Петроси, Иаковоси, Иоанниси иманы, хазы, рымацара, ашьха ҳарак ахь дыхәнеит, рҿаԥхьагьы иҽеиҭеикит. 3 Ицәашәҵатәқәа еилаарцыруа иҟалеит, убасеиԥш ишкәакәахеит, адгьыл аҿы уаҩы ус рыршкәакәара шилымшоз ала. 4 Урҭ рҿаԥхьа иаацәырҵит Илиаси Моисиси; урҭ Иаса иацәажәон. 5 Убасҟан Петрос Иаса иеиҳәоит: Арҵаҩы! абратәи ҳаҟазаара бзиоуп; х-қьалак ҳаргылап: акы – Уара узы, акы – Моисис изы, акы – Илиас изы. 6 Избан акәзар уи ииҳәарыз издырамызт, ашәара рхаԥаны иҟан. 7 Ус, ԥсҭҳәашк аацәырҵын, дара аахнаҩеит, ирхатәеит, бжьыкгьы аԥсҭҳәахьтә иаагеит: Абри Иоуп бзиа избо сгәахәара Злоу Сара Сԥа; Иара шәизыӡырҩла. 8 Абри аамҭазы, али-ԥси рыбжьара, иаанаԥшы-ааԥшзар, рҿаԥхьа Иаса ида уаҩ дрымбеит.
ЛУКАС ИҞНЫТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА
АХЫ 9
1
Қьырса Иҽеиҭакра ихадоу хҭысны иҟоуп Иҵаҩцәа рыԥсҭазаараҟны, иара иагьадҳәалоуп Ҩынҩажәижәабамш (Аԥсы Цқьа Иҵаҩцәа ианырзылбааз амш, ари ахҭыс ҟалеит Амшаԥы ашьҭахь ҩынҩажәижәаба мшы анҵы), избанзар зыӡбахә аҳәо Анцәа иԥышәа (емпириа) ду оуп. Ҳәарада, Аҽеиҭакреи Ҩынҩажәижәабамши ахьеиԥшымгьы ыҟоуп, хаҭала уахәаԥшуазар, Аҵаҩцәа Аҽеиҭакра аан макьана Қьырса Ицәеижь (Аекллесиа) иахәҭакны иҟамызт, Ҩынҩажәижәабамш аҽны ишыҟалаз еиԥш.
Иага ус акәзаргьы, Қьырса иԥсҭазаараҟны иҟоуп егьырҭ ахҭысқәагьы, ҽеиҭакрак аҳасабала ицәыргоу, избанзар урҭ рыла Аҵаҩцәа Қьырса инцәара шәахәақәак рбара раҭәашьан. Урҭ рахьтә ҩ-хҭыск ара иаагахоит.
Аԥхьатәи хҭысны иҟалеит ацқьа Иоаннис Аӡӡаахҩы Қьырса дызирбаз ҩыџьа Аҵаҩцәа рааԥхьара. Урҭ Аҵаҩцәа Қьырса Иаԥхьагыла Ԥшьа «абар Анцәа исыс» ҳәа ииҳәаз шынараҳаз, Иара инаишьҭалеит. Усҟангьы «Иаса даахьаҳәын, арҭ шишьҭазгьы бо», дразҵааит, ирҭахузеи ҳәа. Иара дабанхои ҳәа, дара анҵаа, дрыԥхьеит Иара иааигәара иааирц азы. Аевангелист ԥшьа иазгәеиҭоит: «абас иааин иагьырбеит Иара дахьынхо, уи аҽны Иара ицын» (Иоаннис 1, 35-39). Ари, Қьырса ихиҿы ахьааирҳәызи даргьы ахьибази, иаанагоит Иара ихаҿы алыԥха (докса) маҷк ишааиртыз, абри шакәугьы Иара ицаанхара рҭахны иҟалартә еиԥш агәаԥхара рызҭазгьы. Қьырса иҩныс иҟоу алашара ауп, избанзар Нцәак иаҳасабала «зааигәара уззымнеиуа алашараҿы инхо» иоуп, насгьы уи аҽны иҩны раанхара иаанагоит Аҵаҩцәа уи амш зегьы ишам Алашара хшыҩблала абара ишаҿыз.
Абасала иеилаҳкаауеит Аҵаҩцәа рааԥхьара баша ааԥхьарак аҳасабла ишыҟамыз, даргьы уи зақәҿырҭыз ирымаз азыӷьаҵәыӷьаҵәра ду мацара иахҟьаны шакәмыз, аха хшыҩблала абареи (атеориа) аартреи (апокалипсеос) ирылҵшәаны ишыҟалаз. Иагьунарбоит, иԥшьоу Феофилактос ишиҳәо ала, Қьырса ишьҭалаз Иара ихаҿи уи алыԥхеи (докса) шыдирбо, избанзар дарбанзаалак уснагӡарала Қьырса данишьҭамла, хшыҩблала абараҟынӡа дызнеиуам, избанзар «зҽызымрыцқьаз, ҽрыцқьаралагьы ишьҭамлаз, излаилшари ихдырра арлашара?».
Автор: Навпактии Агиа Власии рмитрополит Иерофеос (Влахос)
Еллин бызшәаҟнытә иеиҭеигеит: Аб Дараҭ (Дбар)
Иаса Қьырса Иҽеиҭакра агәалашәара иазку амшныҳәа (нанҳәа 6/19)
Аушьҭыгатә тропарион
Ашьхаҿы уҽеиҭаукит ҚьырсаАнцәа, /
уҵаҩцәагьы улыԥха дурбеит, абара ахьынӡарылшоз. /
Ҳаргьы, гәнаҳазмоу, иҳазкаԥхааит Улашара, наунагӡа иҟоу, /
Нцәадзыхшаз лныҳәаԥхьыӡла; /
Алашараҭаҩ, иумаз ахьӡ-аԥша!
Акондакион
Ашьхаҿы уҽеиҭаукит, /
уҵаҩцәагьы иахьынӡарылшоз, /
улыԥха, Қьырса Анцәа, иашьклаԥшуан, /
избанзар, аџьар укыдны уара уанырбалак, /
иеилыркаарц ухатәгәаԥхарала ишыҟалаз угәаҟра, /
адунеигьы иахдырҵәарц, /
иҵабыргыҵәҟьаны уара Уаб иныҷҷо лашараны ушыҟоу.
Комментарии