Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа аофициалтә саит > Абиблиотека > Ашәҟәқәа зегьы > Ажурнал «Алашарбага» («Светильник»), № 1 (2015).

Ажурнал «Алашарбага» («Светильник»), № 1 (2015).

Ажурнал иануп иеиуеиҧшым астатиақәа, азгәаҭақәа, аинтервиу, аҧсшәахь аурысшәахь аиҭагамҭақәа. Аҧхьаҩ изы ара ижәытәӡатәу аеллин бызшәахьтә аҧсшәахь иеиҭаганы икьыпҳьуп ац. Иоан Ахьҿы амшаҧазтәи Иажәа, лассы-лассы иуҧымло Д. И. Гәлиа истатиақәа адинтә тематикала, Герман Маршьан авторс дызмоу ақьырсиантә апологетика, Амитрополит Дамаскин Папандреос аныха ахьыҧшымреи уи рылаҳәашьас иҟоуи иазку иажәахә, аеллин Митрополит Димитри Бекиарис гәыҧҩык аҧсуа ҧшьаҩцәа рышәҟәы аҭак иҟаиҵаз, Ахра Смыри Дионис Иаланчидии атәылаҿацәҭҵара иазку рыстатиақәа, архимандрит Дараҭ (Дбар) еллинтәи италиатәи ирепортажқәа уҳәа убас егьырҭ, сахьала иеиқәыршәоу зҿлымҳара зуҭаша аматериалқәа. Ажурнал 76 даҟьа амоуп, аҧшшәырацәа змоу зхаҭабзиара ҳараку ҭыжьымҭоуп.
 
Апроект автори аредактор хадеи: архимандрит Дараҭ (Дбар). Аредколлегиа: аҧшьаҩыдикәан Давид (Сарсаниа), Герман Маршьан, Ахра Смыр, Дионис Иаланчиди. Аҧсуа хәҭа акорректор: Тамила Аршҧҳа. аурыс хәҭа: Ирина Потоманова. Афотоҭыхымҭақәа: Геннади Зуев, Алмасҳан Бебиа. Адизаин: архимандрит Дараҭ (Дбар). Анбанҟәшәара: Стелла Саӡҧҳа.
 
© Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа.
 
Ахә: 200 мааҭ.
Ашәҟәы аиуразы Афонҿыцтәи аныхатә ҿхышәқәеи Аҟәа ақ. Аиааира амҩаҟны ашәҟәқәа рыдәқьанқәа рыҟни шәыдҵаалар шәылшоит.