Иахьа, ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Амшаԥныҳәа амш анаҩстәи ахԥатәи амҽышаҽны Ақьырсиан Ныха, еллин бызшәала Екклисиа ҳәа изышьҭоу, иаҳгәаланаршәоит зхы иамыхәоны иҟаз ауаҩы ихәшәтәра иадҳәалоу ахҭыс. Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Иоаннис Иажәабжьбзиаҟны, иара злаҩыз еллин бызшәала Евангелион ҳәа хьӡыс измоу, иахьа иаҳгәалаҳаршәо ахҭыс иазкны ҳаԥхьоит:
«…Иҟан Аиудеиаа рымшныҳәа, Иасагьы Иерусалим дааит. Иҟоуп Иерусалим Ауасақәа ргәашә аҿы Ауриа бызшәала Вифезда захьӡу ӡҭачык – ҽыкәабарҭак; убра ихықәгылан ихыбыз хә-хыбрак: убарҭ рҿы ишьҭан ҵҩа змамыз ачымазҩцәа, алашәцәа, ацыркьцәа, иеилаҩаз, урҭ зегьы аӡы аҵысра-аилагьежьра иазыԥшын; избан акәзар ҳ-Аҳ Ду (Анцәа) Имаалықь аамҭа-аамҭала дылбааны абри аӡҭачы иеилаиргьежьуан, убасҟан раԥхьа уи иҭалаз чмазарас дзынхьаауазаалак далнаргон. Дыҟан абраҟа ҩажәижәаа шықәса чмазарала игәаҟуаз аӡәы. Иаса уи уаҟа дшышьҭаз аниба, насгьы акыр аамҭақәа раахыс абра дшыҟаз анеиликаа, иеиҳәоит: угәы бзиахарц уҭахума? Ачымазаҩ Уи иаҭеикит: ааи, ҳ-Аҳ Ду; аха аӡҭачы аилагьежьра ианалаго аамҭазы, убрахь сназгаша уаҩ дсымам; сара уаанӡа саннеилак – даҽаӡә уахьынтә дааҭыҵуеит. Иаса ус иеиҳәоит: угыл, уиара аашьҭыхны удәықәла. Иара убри аамҭазыҵәҟьа дыбзиахеит, дҩагылан, ииара аашьҭыхны иҿынеихеит. Аҽны сабшан. Абри аҵыхәала Аиудеиаа згәы бзиахаз иарҳәоит: иахьа сабшоуп; уцәарҭа уаҵалар ҵасым ҳәа. Иара ус реиҳәоит: сызхәышәтәыз исеиҳәеит: «уиара аашьҭыхны уҿынаха» ҳәа. Дара иазҵааит: дызусҭада иуазҳәаз: «уиара аашьҭыхны уҿынаха»? Зчымазара иалҵыз уи Дызусҭаз издыруамызт; избан акәзар Иаса убраҟа ауаа рыжәпара иҽалаирӡит. Ашьҭахь Иаса уи аныҳәартаҿ дибоит, иагьиеиҳәоит: абар, угәы бзиахеит; уажәшьҭа уаҳа гәнаҳара ҟаумҵан, иухьыз иеицәоу умыхьразы. Ари ауаҩы дцан, Аиудеиаа иреиҳәеит дызхәышәтәыз Иаса шиакәу» (Иоаннис иҟынтә Ажәабжьбзиа, 5-тәи ахы, ацәаҳәақәа 1-15).
Ишшәаҳаз еиԥш, Вифезда захьӡыз аӡҭачаҟны ишьҭаз ауаарацәа рҟынтә зчымазара иалгоз, Анцәа Имаалықь дылбааны абри аӡҭачы анеилаиргьежьлак раԥхьа иҭалаз иакәын. Ҳара азҵаара ықәҳаргылар ҟалоит: избан аԥхьа иҭалаз ида, егьырҭ ари аӡы хәарҭас изырмоууаз? Анцәа ауаа зегьы ирзеиԥшны ацхыраара риҭар акәӡами? Анцәа Ду аԥхьа инеиз ашьҭахь иааиз иеилихуама? Ҳәарада, асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рҭак ауаҩы изыҧшааӡом. Ҳазшаз игәаԥханы иаԥиҵаз аԥҟара ҳара ԥыхшьа ҳамаӡам, хшыҩлагьы аилкаара ҳалшаӡом! Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иагьа мап ацәаҳкыргьы, уи фактк аҳасабала иҟоу хҭысуп. Ус анакәха, уи иаҳнарҵоит ишиашам иара ҳара ҳаԥсҭазаараҟынгьы лассы-лассы иаҳԥыло ахы ахашшара: избан сара гәаҟреи чмазареи иҟоу зегьы сызрықәшәаз? Изсимҭази Анцәа сара аԥхьа ацхыраара? Избан егьырҭ рыԥсҭаазараҿы иаҳа изыманшәалахаз? Избан? Избан? Избан?
Иахьа ҳзыхцәажәо ахҭыс аҟны иазгәаҭан, зхы иамыхәоны иҟаз ауаҩы ихәшәтәра аамҭа ааиаанӡа, ҩажәижәаа шықәса чмазарагәаҟрала ишихигаз. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Анцәа диқәымгәамҵит, иаԥхьа инеины аӡы иҭало ауаа рахь шәиԥхьыӡ имҳәеит, ихы игәы ахымшәеит. Ари иаанаго, аԥсҭазаараҟны ауаҩы иԥыло ауадаҩрақәеи арыцҳарақәеи ихигаразы, раԥхьаӡа иргыланы, иаҭахуп ачҳара. Аԥсуаа ражәа иалами: «Акыр сычҳаз, акры ибеит» ҳәа. Абри ауаҩгьы ичҳара ду иабзоураны ҩажәижәаа шықәса дыззыԥшыз Вифезда аӡҭачы аҭаларагьы аҭахымхаӡеит, Иаса Қьырса ихаҭа дибеит, Уи иеиҳәаз иажәа мацарала ичымазарагьы далҵит, ишьапгьы дықәгылеит.
Зынӡа даҽакны иҟоуп ҳара, иахьатәи ауаа, ҳаԥсҭаазара азнеишьа. Иаҳҭахым ҽнакцәҟьагьы ҳҧшырц, акы ҳачҳарц. Рыцҳароума, чмазароума – иаразнак иаҳхаҳгар ҳҭахуп. Зегьы рзы ҳгәамҵеит, зегьы ҳархашшаауеит. Ашәиԥхьыӡ ҳҿыӡӡом. Ҳхы ҳгәы ахшәаны адәы ҳақәуп. Асеиԥш иҟоу ахымҩаԥгара лҵшәа бзиа ахылҵраны иҟаӡам… Ачҳара анааҳарԥш, уи иабзоураны ус чмазарак алҵра мацара акәым, иаҳа ихадоу – Иара Анцәа Ду ихаҭа ҳаԥсҭазаараҟны иԥылара ҳаургьы ҟалоит.
Даҽакгьы зҿлымҳара ашәҭар сҭахуп, ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Иахьа ҳзыԥхьаз Аҩырацқьа ацыԥцәаха анҵәамҭаҟны иазгәаҭан, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ахҭыс ашьҭахь Иаса Қьырса зхы иамыхәоны иҟаз ауаҩы данихәышәтә ашьҭахь аныҳәарҭаҿы дибеит, убасгьы иеиҳәеит ҳәа: «Абар, угәы бзиахеит; уажәшьҭа уаҳа гәнаҳара ҟаумҵан, иухьыз иеицәоу умыхьразы!». Ари иаанагоит, ҳаԥсҭазаараҟны ҳзықәшәо арыцҳарақәеи ачымазарақәеи зхылҵуа иҟаҳҵаз агәнаҳара шакәу. Шаҟантә, сашьцәа саҳәшьцәа, арыцҳара ҳанақәшәалак, Анцәа иҿаԥхьа ахыриашара ҳашьҭалахьоузеи? Аха, Иара абзиарахь ҳхы анирхалакгьы, шаҟа ирласны агәнаҳа ҳазыгьежьуазеи? Нас еицәоу злаҳмыхьуеи?
Иа, Анцәа Ду сиҳәоит, иахьа абра еизаз зегьы Иара Имчала иӷәӷәахарц ҳачҳара, ҳагьацәцартә агәнаҳаура!
Комментарии